Анаплак маҷқәа акредит рзура иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмра банк.
Амра банк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амра-банк" азанаҭуаа иаҳзеиҭарҳәеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыла акредитқәа рыҭарала анаплак маҷқәа рыдгылара амеханизм атәы.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Акредитқәа роура рылшоит Аԥсны иҭаҩу, ареспублика аекономиказы аԥыжәара змоу аусхкқәа знапы рылаку хаҭалатәи анаплакыҩцәа реиԥш аиурист хаҿқәагьы. Абри атәы Sputnik акорреспондент аинтервиу анилҭоз изеиҭалҳәеит "Амра-банк" аинспектор еиҳабы Мадина Лабахәуа.

"Арахь иаҵанакуеит ақыҭанхамҩа, атуристтә усура, ааглыхра, аргылара, атранспорт, амаҵзурақәа. Ахәаахәҭра знапы алаку анаплак маҷқәа рсубиектқәа (АМР) акредит рыҭара азыԥхьагәаҭам", — лҳәеит лара.

Азанааҭуаҩ иазгәалҭеит урҭ (АМР) рзы иалкаау дҵақәҵақәак шыҟоу, урҭ рыда акредит аиура шзалымшо.

"Акредит зауа, ишьақәыргылоу азакәанԥҟарала Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны дҭаҩзароуп шықәсык инарзынаԥшуа. Аус зуа рхыԥхьаӡара 15-ҩык иреиҳамзароуп. Иара убасгьы иара имазароуп алицензиа, акредит ззиҭаху аусхк аганахьала, абанк аҟны аԥхьаӡаратә уалшәарақәа изаартызароуп, иара убасгьы акредиттә еиҿкаарақәа рҿаԥхьа уал иқәымзароуп", — лҳәеит абанк аинспектор.

"Амра-банк" аиуристтә консультант Есма Қорсаиа иазгәалҭеит анаплакҩы, акредит ззыҟарҵо апроект аҟны илагала апроект ахә аҟынтәи 20% ыҟазароуп ҳәа.

"Иара убасгьы акредит зго акредит аганахьала ашасы ҿеиҵароуп (акредит аҟытәи зыхәԥса  130% инаӡо). Шасыс иҟалар алшоит ахыбра, аҩны мамзаргьы Аԥсны Аиҳабыра рыхәдықәҵара", — лҳәеит Қорсаиа.

Аиурисконсультант иазгәалҭеит акредиторцәа рзы апроцентқәа шықәсык  12% шдыртәо, ақыҭанхамҩа аусхк знапы алакхо рзы — 6%, Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа актәии аҩбатәии агәыԥқәа рзы ишьақәыргылахоит 10% иҟоу апроцент қәҵа.

"Адокументқәа рыдкылареи 30-мшы рыҩныҵҟа ргәаҭареи мҩаԥнагоит Амилаҭтә банк. Анаҩс – Амилаҭтә банк ахаҭарнакцәеи Аекономика аминистрраҟны иаԥҵоу акомиссиеи иалырхуа азыҳәақәа апрограмма иалахәхарц абжьагара ҟарҵоит. Иара убри аамҭазы акредиттә еиҿкаарақәа азыҳәа мап ацәыркыр рылшоит", — лҳәеит Е. Қорсаиа.

Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рфинансркра апрорамма иазоурышьҭырц ӡбоуп 200 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 70% миллион мааҭк рҟынӡа иоужьхоит, иаанхо  - 3 миллион мааҭк рҟынӡа. Миллионк аҟынӡа акредит рыҭахоит ҿҳәарас ҳәа ҩы-шықәса аҭаны, х-миллион мааҭк рҟынӡа ҿҳәарас хы-шықәса амоуп. 100 миллион мааҭ ақыҭаҟны анаплакқәа ирзоужьхоит, иаанхо – егьырҭ аусхкқәа ирзоужьхоит. «Аҵәахырҭатә банк» ала еихшахоит акредитқәа абарҭ аквотақәа рыла:

Гагра араион   — 15 миллион мааҭ, Гәдоуҭа араион – 20 миллион мааҭ, Аҟәатәи араион – 5 миллион мааҭ, Гәылрыԥшьтәи араион – 13 миллион мааҭ, Очамчыратәи араион – 20 миллион мааҭ, Тҟәарчалтәи араион – 15 миллион мааҭ, Гал араион – 12 миллион мааҭ.


Ажәабжьқәа зегьы
0