Аполитолог: Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымра ҳаҭыр ақәнаҵалароуп

© Sputnik Томас ТхайцукИнал Чевикез
Инал Чевикез - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аполитологцәа алацәажәеит Аԥсни, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рԥеиԥш шырбо атәы, рашәара мза 19 рзы имҩаԥгаз астол гьежь аҟны.

АҞӘА, рашә 19 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ҭырқәтәыла еснагь еилнакаауан "аԥсуа зҵаара" иамоу аҵакы, иагьаԥхьаӡоит Аԥсни, Ашьха Ҟарабахи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны аимакқәа Аахыҵ Кавказ аҿиара иаԥырхагоуп ҳәа азгәеиҭеит Анкара иҟоу аполитикатә ҭҵаарақәа рцентр апрезидент, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр уаанӡатәи ихаҭыԥуаҩ Инал Чевикез.

Вице-президент ТПП РА Сонер Гогуа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсни, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи злахәу астол гьежь Аҟәа имҩаԥгахоит

Иара иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аимакқәа рҭыԥ иқәҵахаанӡа арегион зегьы ашәарҭа иҭадыргылоит.

"Аԥснытәи аимак аганахьала Ҭырқәтәыла апозициа еснагь иҳәаақәҵан иҟан, уи шьаҭас иаман адунеижәларбжьаратә зин – Қырҭтәыла адунеитә еилазаара ишазхарҵаз аҵакырадгьыл адгылара", — иҳәеит Чевикез.

Иара убас шакәугьы, иара иажәақәа рыла Аԥсны аполитикатә ҭахкаара иашам, уи иалнаршом аҿиаратә процессқәа. Убри инадҳәаланы ақырҭуа еиҳабыра анырра рыҭатәуп, ҳәа агәаанагара имоуп Чевикез.

"Адунеижәларбжьаратә еилазаара иалшо анырра ҟанаҵароуп Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымраз иҟанаҵо аҽышәарақәа ҳаҭыр рықәнаҵарц", — иҳәеит иара.

Аполитикатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Хасан Канболата иазгәеиҭеит Аԥсны иахьазы аҿиара амҩа ишану.

"Ҭырқәтәыла ауааԥсыра Аԥсны ауааԥсыра ирзааигәоу жәларны ирыԥхьаӡоит. Дара акырӡа еидҳәалоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи иреиԥшу аҳәынҭқарра дуқәа

Ажәабжьқәа зегьы
0