Аршба: амҩатә машәыр шыҟалаз аҭҵаара ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Аршба
Гарри Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр иазкны абрифинг мҩаԥигеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

АҞӘА, цәыббра 9— Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр иазкны абрифинг мҩаԥигеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

"Аҳәынҭқарра актәи ахаҿқәа мҩаԥызго акортежқәа рҟны иазыԥхьагәаҭоу адҵақәа реилагара аҭыԥ амам. Акортеж аццакра 80-85 километр иҟан. Ҭарсман имашьына аццакыра уажәы ашьақәыргылара иаҿуп", — иҳәеит Аршба.

Ҳаџьараҭ Ҭарсман амҩатә ныҟәара аԥҟарра еилаганы амҩатә машәыр ҟаиҵеит Блабырхәа ақыҭан.

Администрация президента. - Sputnik Аҧсны
Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы Аԥсны алахьеиқәратә мшқәа рылаҳәахоит

Жәандәрыԥшь ақыҭа иеиуоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман цәыббра 8 асааҭ 22.40 рахь инеихьаны ареспубликатә трасса даныланы дцон, Гагра ақалақь ахь ихы рханы. Иара убри аан амашьына арныҟәаразы азин ҟазҵо шәҟәы имамызт. Уи адагьы, аҵыхәтәан ишышьақәыргылахаз ала, анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дыҟан.

"Ареспубликатә трасса 47-тәи акилометр, Блабырхәа ақыҭа ааигәара Ҭарсман Аԥсны амҩатә ныҟәара аԥҟарра еилеигеит. Ҳаџьараҭ Ҭарсман Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иатәу Баҭал Бгьоу зыԥсҟы икыз, аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьына "Toyota Camry" иасит. Амашьынаҿ дыҟан иара убасгьы аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩ Алхас Џьениа", — ҳәа иҳәеит аминистр.

Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭаз автомашьына "Toyota Camry" ажра иҭаҳаит.

Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Егьырҭ, амашьына арныҟәцаҩи аАԥыза-министр ихьчаҩи рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭагылам. Урҭ ахәышәтәырҭа илырҩааит.

Иҟалаз инадҳәаланы ашьаус хацыркуп. Ҭарсман даанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0