Путин Иапониа аԥыза-министр иабжьигеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая поездка президента РФ В. Путина в Дальневосточный федеральный округ. День третий
Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Дальневосточный федеральный округ. День третий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иапониа аԥыза-министр Синдзо Абе Урыстәылаҟа дааит Мрагыларатәи аекономикатә форум аҽалархәразы. Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Владивосток, цәыббра 11-13 рзы.

АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Владимир Путин Мрагыларатәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа апленартә еилатәара "Дальний Восток: расширяя границы возможностей" аҿы ажәалагала ҟаиҵеит Иапониеи Урыстәылеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыдкылазарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Хынҩажәижәаба шықәса аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Синдзо Абе иҳәеит: "Шәааи азнеишьақәа ҳаԥсахып" ҳәа. Шәааи. Саргьы исымоуп аидеиа: аҭынчраз аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵап. Уажәакәымзаргьы, ашықәс нҵәаанӡа", — иҳәеит иара.

Иапониеи Урыстәылеи реинырра аршәытоит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟамзаара.

Флаг Японии - Sputnik Аҧсны
Иапониеи Урыстәылеи аилибамкаарақәа рымоуп

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбра иахәҭакны иахәаԥшуан.

Москва апозициа иахыҵхырҭан иҟоу аладатәи Курилқәа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь СССР иахьалаҵази уи азы ажәларбжьаратә-зинтә ҵаҵӷәы амазаара агәыҩбара ахьааннамыжьуеи роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0