Абе Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра абжьаҵара далацәажәеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраIV Восточный экономический форум. День второй
IV Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Мрагыларатәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз апленартә еилатәара "Дальний Восток: расширяя границы возможностей" аҟны ажәалагала ҟаиҵеит Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.

АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. Москвеи Токиои реилибамкаарақәеи рыгәреибамгарақәеи рҳәаа иҭыҵроуп иҳәеит Иапониа аԥыза-министр Синдзо Абе Владивосток имҩаԥысуаз афорум аҿы абизнесуаа данырԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акраҵанакуа иҟоуп Урыстәылеи Иапониеи рыжәларқәа рыбжьара аилибакаара аҿиара аиурц, аҭагылазаашьагьы азырхиазарц", — ҳәа аԥыза-министр иажәақәа аанагоит амаҵзура Киодо.

Абе иара убасгьы ахҳәаа азиуит аа-пункт рыла ишьақәгылоу аекономикатә усеицура аплан. Иара игәаанагарала ақьаад иану аҟынтәи аусахь ииастәуп.

Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Дальневосточный федеральный округ. День третий - Sputnik Аҧсны
Путин Иапониа аԥыза-министр иабжьигеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц

Убри аан, амаҵзура Абеи Путини аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азырхиара аҿҳәара аганахь ала разнеишьақәа реиԥшымзаара азгәанаҭеит: иапониатәи аԥыза-министр апроцесс аамҭа аҭахуп ҳәа ахиҳәаауеит, Путин абри ашықәс нҵәаанӡа анапаҵаҩра алшоит ҳәа иҳәоит.

Иара убасгьы иазгәанаҭеит аԥыза-министр дшаламцәажәаз Курилтәи адгьылбжьахақәа: Кунашир, Итуруп, Шикотан, Хабомаи рыӡбахә.

РИА Новости азҵаара, Абе Путин иажәалагала абизнесуаа рԥылараан далацәажәама ҳәа, аҭакс аилахәыра Japan Pipeline Development & Operation апрезиднт Хидео Огава аҭак аҟаҵара мап ацәикит, уи азҵаара змаршәа ктәу зҵаароуп ҳәа азгәаҭаны.

Урыстәылеи ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҿыцқәеи рылахәаахәҭразы иапониатәи ассоциациа апрезидент, акорпорациа Kawasaki Heavy Industries адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Сигеру Мураиама иакәзаргьы Абеи анаплакуааи реиԥылара алацәажәара даламгеит.

Иапониеи Урыстәылеи реинырра аршәытоит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟамзаара.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбра иахәҭакны иахәаԥшуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0