Шәачатәи аҳазалхыҩцәа "амандаринатә сезон" иалацәажәоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае
Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа ацитрустә шәырқәа рҽаҩра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раасҭа еиҳан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Сынтәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 37 нызқь тонна ацитрустә шәырқәа ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.

"Ацитрустә сезон аихшьаалақәа ҟаҵо иуҳәар ауеит ахәшьарақәа уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа ишеиҳахаз. Убас, 2018 шықәса жьҭаарамза инаркны аҳазалхратә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ашәҟәы иҭаргалеит 36 853 тонна ацитрустә шәырқәа. 2017 шықәса рзы 6 нызқь тонна мҩаԥган, 2016 шықәса рзы – 12 нызқь тонна", - ҳәа еиҭеиҳәеит аҳазалхратә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Владимир Бондаренко.

Сбор урожая мандаринов в Гулрыпше - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа "амандаринатә сезон" иазыхиоуп

Асезон аамҭазы уахыки-ҽнаки рыла 1000 тонна амандарина ашәҟәы иҭаргалон.

Уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 200 рҟынӡа еидарамҩангага машьына.

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иазгәарҭеит 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ахатә хархәаразы аҳәаа иахыганы Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҵакырахь ҳазалхратә баџьдеи шәахтәдеи залагалара ауа атауар акапани ахәԥсеи рыҽшеиҭаркыз. 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ахатә хархәаразы аҳәаа иахыганы Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҵакырахь иаларгало атауар ахәԥса 500 евро иашьашәалазароуп, акапан – 25 кьыла еиҳамзароуп.

Ишьақәыргылоу анормақәа ирхыҳәҳәо атауар азы атауар ахәԥса аҟынтәи 30% ахшәаатәхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0