Аԥсны х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра аӡы рыҽӡаархит Анцәа Иӡӡаахра аҽны

Анапаҵаҩра
Анцәа Иӡӡаахра ақьырсиантә динхаҵараҿы ихадоу аныҳәақәа рахь иаҵанакуеит, Аԥшьаҩыраҿы иарбоу ахҭыс Иоанн Иаса Қьырса дахьӡааихуаз иадҳәалоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ақьырсиан динхаҵара рыдыркылеит Анцәа Иӡаахра аныҳәамш азы ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Аиашахаҵаратә қьырсиантә уахәама аиҳабы, аиереи Виссариаон Аԥлиаа. 

"Ауахәамақәа зегьы рҟны ауаа рацәан уи аҽны. Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы сыҟоуижьҭеи 26 шықәса ҵуеит, сынтәеиԥш ауаа рацәа сымбацызт. Ари иҳанаҳәо акоуп - ақьырсианра иазааиуа есааира ирацәахоит", - иҳәеит Аԥлиаа.

Аӡәырҩы аӡы рыҽӡаархуан ауахәамақәа рҿы акәымкәа аӡиас Ԥсырӡха аҟынгьы, иара убас егьырҭ инапылаҟаҵароу аӡҭакқәа рҟны. Аӡӡаахрахьы иааиуан иқьырсианым ауааԥсырагьы. 

"Ҳара аӡы ҳӡаахым, аха аӡыԥшьа ҳгарц ҳҭахуп, иҟалома - ҳәа ауаа сыдҵаалон. Ҳәара аҭахума, иҟалоит ҳәа расҳәон. Изҭаху зегьы аӡыԥшьа ргар рылшон, иԥшьоу Иордан аӡы ари амш аҽны зегьы ирыхьӡароуп", - ҳәа азгәеиҭеит аиереи.

Адлеиба: анаӡӡеи абаӡӡеи иӡаархыз рзы Анцәа иҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп

Ажьырныҳәа 18-19 ауха иазгәарҭо Анцәа Иӡӡаахра аныҳәа - ақьырсиантә динхаҵараҿы ихадоу аныҳәақәа рахь иаҵанакуеит, Аԥшьаҩыраҿы иарбоу ахҭыс Иоанн Иаса Қьырса дахьӡааихуаз иадҳәалоуп. Ари аҽны ауахәамақәа рҿы аӡы рыԥшьоит, уи агәабзиаразы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0