"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп

© Foto / Саида Жиба"Ахьӡ архынҳәра", Гагра
Ахьӡ архынҳәра, Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ихаҭара шьақәыргылоуп Виктор Константин-иԥа Канџьариа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ихаҭара шьақәыргылоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан 1943 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз Дәрыԥшь ақыҭа ииз, иааӡаз Виктор Константин-иԥа Канџьариа.

Апроект Ахьӡ архынҳәра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Шьоҭа Шәардлаа илахьынҵа шьақәнаргылеит

Уи зыршаҳаҭуа ашәҟәы инапаҿы иҭан Виктор иҭынха Русҭан Канџьариа, Гагра ақалақь Акультура аҩнаҟны имҩаԥгаз аофициалтә анашьараҟны.

"Дәрыԥшьынтәи сыжәлантәқәа мацара рыӡбахә сҳәозар, аибашьра ицаз 12-ҩык рахьтә хҩык хынҳәит, егьырҭ хабарда ибжьаӡит. Иахьа шәара шәыбзоурала аӡәы ихаҭара шьақәыргылоуп. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәоит ари апроект аԥшьызгаз. Ҳтәылаҟны рыуацәеи рҭынхацәеи рыӡбахә раҳаит шәҩыла аҭаацәарақәа. Ииашоуп, урҭ гәаҟрала рыдунеи рыԥсахит, аха рыԥсыбаҩ ахьышьҭоу анеилкаам, уи еиҳагьы иуадаҩуп", - иҳәеит Русҭан Канџьариа.

Иазгәаҭатәуп, Виктор Канџьариа иуацәа рыԥшаараҟны ацхыраара ду шааирԥшыз дәрыԥшьтәи ашколхәыҷы Леон Чуаз. Иара аԥхынра "Апатриот қәыԥш" захьӡу алагер аҟны дыҟанаҵы диабадырит апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор, алагер аиҿкааҩ Григори Скворцов. Виктор Канџьариа ихьӡала ашәҟәы анымазеиха, Дәрыԥшь дшатәыз анеилкааха, ахәыҷы инапы ианырҵазаап аҭынхацәа рыԥшаара иҽалаирхәарц.

"Ас еиԥш аҭакԥхықәра зцыз адҵа снапы ианымлаӡацызт. Убри аҟнытә даара сеигәырӷьеит сганахь агәрагара ахьаадырԥшыз. Виктор Канџьариа иуацәа рыԥшаара сылшеит хара имгакәа. Раԥхьатәи сырҵаҩы д-Канџьариаԥҳан, дысгәылан, лара лыбзоурала аибашьҩы ихаҭара шьақәҳаргылеит", - ҳәа азгәеиҭеит ахәыҷы.

Куркунава Беслан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: акурсантцәа ргәы ақәкны аус ду иаҿуп

Виктор Константин-иԥа Канџьариа иԥсҭазаара далҵит Украина, Житомир ақалақь, анемец нацисттә лагерь Шталаг № 358 аҟны дыҭҟәаны дахьыҟаз.

Григори Скворцов иҳаилиркааит ҩышықәса рыла рхаҭара шышьақәыргылаз 27-ҩык Гагра араион иалҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалаӡыз ҳаибашьцәа.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор иажәақәа рыла, уажәааигәа Бзыԥҭа зыӡбахә раҳаз Канџьариаа рҭаацәара зхылаԥшуа, Ар ҟаԥшь асолдатцәа рыԥсыжырҭаҿы, Гагра араион Ахадара рыцхыраарала абаҟа ашьақәыргылареи уахь Аԥсны аҭааҩцәа рзы апатриоттә ныҟәара ҿыц аԥшьгара ргәы ишҭоу.

Аиԥылара хыркәшо, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба апроект автори алахәцәеи аџьшьара риҭеит имҩаԥырго аидеологиатә ус ду азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0