Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби

© Фото : из фотоальбома АиааираОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи атрагедиа иалаблыз ирылоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лашьа гәакьа Валериани, иԥшәма Аԥшьлааԥҳа Аидеи, фымз зхыҵуаз рыԥҳа Еланеи. Автор дазааҭгылоит асаби лииреи лыхьӡ лыҭареи шыҟалаз, насгьы ари ахлымӡаах адунеи ауаажәларраҟынӡа иахьынӡанагоу.

Абри абжьарак схәыцуеит, ишԥашоу мшәан ауаҩытәҩыса илахьынҵа? Хыхь зегь хәшьадны ауаҩы дшаны адунеи даақәҵаны, нас ашәымҭак иналагӡаны адунеи дзаԥырнахуазеи? Изыҟоузеи абри аҩыза алахьынҵа, насгьы уацәцар алшома уи?

Абри зегь зхысҳәаауа ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы иҭахаз сашьа иԥҳа хәыҷы Елана лоуп. Лара диит ԥхынгәымзазы аибашьра алагамҭазы. Ауха ахшараиурҭаҿы ҳҷаԥшьон сашьа Нанеи (Валериан) сареи. Хыхьынтә амедиаҳәшьа ҿылҭит "аԥҳа дуоуит" ҳәа. Ахацәа зегьы аҷкәын, ашьҭрамырӡга данииуа еиҳа еигәырӷьоит, аха иара уи уамак ибаргәымкәан иԥхьаӡон. Ус шакәызгьы, аҩныҟа ҳаазгоз, амҩан машәыршәа иҳақәшәаз Беслан Жанаа "иида" ҳәа азҵаара анҳаиҭа, сашьа длафны "ҳаблит, ҳаблит" иҳәеит. Беслан еиликааит сашьа илаф, иааҳадиныҳәалан ҳахьынхоз Аҟәа аҳабла ҿыц ахь ҳганы ҳанижьит.

Нанба-Амҷба Маринеи ҩыџьа лыхшара Гәындеи Беслани - Sputnik Аҧсны
Ажәҩан иалаблыз хыԥсҭазаарак рҭоурых

Ахшараиурҭаҿы аӡӷаб дышиз анҳарҳәа, сашьа сиҳәеит Елана лыхьӡыртәырц. Даара исгәаԥхон Алықьса Гогәуа иажәабжь "Елана", лара итрагедиатәу хаҿны сыхшыҩ аҿы дшыҟазгьы, лҟәыӷареи луаҩы ԥшӡареи ирсимволны, ииз а-Коӷониаԥҳа Елана лыхьӡзар сҭаххеит. Абасала, са стәы иаасырган, ахәыҷы Елана ҳәа ашәҟәы днанҵаны, мчыбжьык ашьҭахьшәа ахшараиурҭа дҭыганы Кәтолҟа ҳаб игәараҭахь даҳгеит.

Сан аишәа рхианы даҳзыԥшын, саб иашьа Рауф дназлаз, егьырҭ ҳгәылацәагьы надԥхьаланы, агәырӷьара иадҳәалаз аишәа ҳархиан, ииз лразҟы шыбзиахаша уҳәа еизаз налықәныҳәан, иааилыҵит. Абри амш аҵыхәтәантәи гәырӷьаратә еилатәарахеит ҳаҩнаҭаҿы, аибашьра ҟалаанӡатәи аԥсҭазаара иахаҿырбагангьы иаанхеит сгәалашәараҿы. Елана ахьӡ илысҭаз сгәы иахәаны, иалкаангьы бзиа дызбон, хәыҷык дшыжәбац еиԥш илызҳауан лара.

Ус аибашьра ҵысит, ианналагоз ҩбаҟа мзы ракәын ахәыҷы илхыҵуаз, агара дгаран, аблокада ҳҭакызаргьы, ахәыҷы акгьы лыгмырхакәа даҳбон, ианшәарҭахалак, агара аашьҭԥаааны абна агәахьы ҳанцоз убарын.

Военные карикатуры Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Амш еиқәаҵәа

Еибашьран, иааҳалаҩуан, иҭахоз рыӡбахә. Ус шакәзгьы, ԥхынҷкәын 14 рзы иҟалараны иҟаз ахҭыс ҿаасҭа аҩыза аӡәгьы дазыԥшымзаргьы ҟаларын. Елана уи аамҭазы фымыз дырҭагылан, дҳахәлаччо далагахьан, акы заҵәык, уажәеиԥш афото ҭыхгақәа ыҟамызт аҟынтә, лпатреҭ аҭыхрагьы ҳахьымӡацызт.

Абас ицон аибашьра аамҭа. Абар 27 шықәса ҵит ари ахҭыс хлымӡаах ҟалеижьҭеи, авертолиот иҳацәҭаблыз аԥшқа лфотосахьаҵәҟьа ҳазнымхакәа, лахьынҵацәгьала дымҩасит. Ишԥашоу мшәан адунеи? Избан, Елана ҳәа ахьӡ ԥшӡа змаз аҭыԥҳа хәыҷы лсахьа ақьаад аҿгьы изнымхаз? Илымааз лара гәнаҳас, лыхьӡ зҳәо акгьы нымхаратәы? Издыруада сара исхаразар? Илысҭаз ахьыӡ алахьынҵацәгьара иадҳәалазар?

Виталий Кецба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Афотоҭыхҩы Қецба: Лаҭатәи атрагедиа аҭыхра аӡәгьы иҭахымызт

Гогәуа иажәабжь зызку Елана лгәы ҭаҷаҷаны адунеи данын, аха лгәы камыжькәа аԥсҭазаараҿы саҵахом ҳәа абаҳча арҿиара лҽазылшәон. Ҳара ҳ-Елана шықәсыбжак ауп инылҵыз, ҳазҿаԥшыша лсахьаҵәҟьа ҳазнымхакәа дымҩасит. Аибашьра ашьҭахь, сҭаца Аида Аԥшьлааԥҳаи сашьеи еидыртәаланы апатреҭҭыхҩы афото идырҟаҵеит аҭынхацәа, ахәыҷы лсахьа зланымхаз ала, символҵаз хәыҷык рыгәҭа дагәыладыргылеит, аха уи Елана лакәӡам. Ари афото асоциалтә ҳақәа рҿгьы иуԥылоит.

Елана дымҩасит, дызлаҳгәалашәаша сахьак нмыжькәа, ииашоуп, санлызхәыцуа, уажәгьы исыхәлаччоз лхы-лҿы ибзианы схаҿы иааиуеит. Ус шакәугьы, сгәы иалоуп иаашьҭыхны сызхәаԥшыша фотосахьак ахьнымхаз. Алахьынҵа уҳәеит ҳәа, ас убахьома?!

Маҷ ҵуама ари ахҭыс ҟалеижьҭеи, аха аԥсуаа иахьанӡагьы иҳалымшеит Лаҭатәи атрагедиа адунеи ишақәнаго иадырыртә аҟаҵара, аинформациатә еибашьраҿы иҳабашьуаз реиндаҭларагьы мариа усым, аха усгьы, есышықәса аҳаҭгәынқәа рҿы иқәаҳцо ашәҭқәеи хзыԥхьо ажәеинраалақәеи инарываргыланы, адунеи аҿы ҳҳәынҭқарра амаа зку абри аус иҵегьы иалацәажәар ахәҭан.

Лаҭатәи атрагедиа ибзианы иаанарԥшуеит иҳақәлаз агрессор ихаҿра. Иара агрессор иакәзар, иԥсы ахмырӡаакәа дтәоуп. Аԥсуа журналистцәа иҭырххьеит ари атрагедиа иазку адырраҭарақәа, урҭ ирылыскаауеит ажурналист Есма Џьыкырԥҳа лфильм. Иҟалап иахәҭазар егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭаганы, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы дырбара, избанзар, ари аҩыза ахҭыс хлымӡаах адунеи иадырроуп.

Иахьанӡа, уи авертолиот казыжьыз дазусҭоу аԥсуа ган аҭҵаара алымшеит, иахьанӡагьы Лаҭатәи атрагедиа иаҵоу аибашьратә маӡақәагьы аартым. Ақырҭқәа ракәзар, "ҳаишьцәоуп, ҳаинаалараоуп, аурысқәа ҳԥырхагоуп акәымзар" зҳәо, жәларык анацәеи ахәыҷқәеи зҭатәаз авертолиот еихсыз дара шракәу рҳәарангьы иҟаӡам…

Зсахьа нымхаз Елана ллахьынҵа иахьанӡагьы сгәы ҭнашьаауеит, иҭахаз зегь рыцҳасшьоит, аха лара зҭеиҭыԥш ақьаадаҿгьы инызмыжьыз, акалашәа сгәы лырԥшаауеит...

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0