Урыстәыла "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩанысра арыцхә инахоуп

© Sputnik / Eugene Odinokov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчастники акции "Бессмертный полк" в Москве
Участники акции Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аханатә ауснагӡатә мҩаԥыргараны иҟан Аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы, аха иахыган акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Ԥхынгәы 26 рзы "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩанысра арыцхә инахеит аиҿкааҩцәа онлаин-еилатәара ашьҭахь.

"Ауснагӡатә алахәразы арзаҳалқәа рынашьҭра алшоит атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ианалнаршо", - ҳәа аҳәоит арелиз аҟны.

Акция Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны
Ҩ-миллионҩык рҟынӡа афырхацәа дырбан "Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" ала

"Ԥсра зқәым архәҭа" амҩанысра арыцхә инахоуп, арыцхә ҿыц макьаназ ирылаҳәам.

Аханатә ауснагӡатә мҩаԥыргараны иҟан Аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы, аха иахыган апандемиа иахырҟьаны. Владимир Путин ажәалагала ҟаиҵеит Арра-мшынтә флот амш, ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥгазарц.

"Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" аштаб хада ахантәаҩы Васили Лановои иажәаәқа рыла, ауснагӡатә мҩаԥгахар алшоит цәыббра 2 ма 3 рзы мамзаргьы иааиуа ашықәс азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0