Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа адокументалтә фильм аҟны рыҽҭырхуеит

© Sputnik / Асмат ЦвижбаСьемки документального фильма
Сьемки документального фильма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Сара сеибашьра" - Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа злаху адокументалтә фильмқәа рсериа ауп.

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз зҭыхра иаҿу адокументалтә фильм "Сара сеибашьра" иалахуп аԥснытәи аветеранцәа хәҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект анагӡаратә продиусер Иулиа Петрова.

Апроект иафырхацәоуп аибашьра алахәылацәа - Борис Қәҭарба, Нонна Дорофеева, Екатерина Синиавскаиа, Алықьса Шьониа, Рубен Керапиан. Аветеранцәа рыҿцәажәара мҩаԥган Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 14-15 рзы.

"Зеиԥш ыҟам архив ауп аибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәеи, рыԥсҭазаашьеи, риааирақәеи, ргәаҟрақәеи ахьеиҭырҳәо авидео. Ҳандуцәеи ҳабдуцәеи рҭоурых ауп ари, дара еиҭарҳәоит угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа", - лҳәеит Петрова.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аветеранцәа ргәалашәарақәа раԥхьа ианҵан 2000 шықәсазы. Урыстәыла арегионқәеи, аибашьра ду аветеранцәа ахьынхо атәылақәеи зегь рҟны анҵамҭақәа ҟаҵан. Апроект архив еиднакылоит 400 фильм.

Петрова лажәақәа рыла, афильмқәа аекспертиза иахысит урыстәылатәи аҭоурыхтә-арратә институт аҟны, аусзуҩцәа ахәшьара бзиа арҭеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа рхархәаразы аҭыхымҭақәа еиуеиԥшым архивқәа рахь ирыҭоуп.

Адокументалтә фильмқәа хәыда-ԥсада Урыстәыла ателехәаԥшра аканалақәа ирыҭоуп.

Аԥсны апроект "Сара сеибашьра" аҭыхрақәа реиҿкааразы ацхыраара ҟанаҵеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны акультура аминистрреи, ауаажәларратә хеилак "Аԥсны аурыс уаԥшьи".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0