Амультсериал "Машьеи Мышәи" 100 миллиардк инареиҳаны иахәаԥшхьеит YouTube аҿы

© Foto / Анимационная студия «Анимаккорд»Мультфильм «Маша и Медведь»
Мультфильм «Маша и Медведь» - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәеи иара адуцәеи бзиа еицырбаз амультсериал "Машьеи Мышәи" 42 бызшәа рахь еиҭаргахьеит. Актәи асезон иатәыз сериақәакгьы аԥсшәахь еиҭагоуп.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Амультсериал "Машьеи Мышәи" 100 миллиард хәаԥшра аиуит YouTube аҿы, амультсериал ари  аплатформаҿ ахәаԥшартә аамҭа миллион шықәса инаӡоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости астудиа Animaccord апресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.
Астамур Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2020
Арадио
Кәыҵниа: амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аҟны ҳаанымгыларц сгәы иҭоуп
"Урыстәылатәи амультсериал "Машьеи Мышәи" ҭыжьуп астудиа Animaccord аҿы. "Машьеи Мышәи" 100 миллиард хәаԥшра аиуит YouTube аҿы, секундк ала 1000 хәаԥшра аманы. Иааизакны амультсериал ари аплатформаҿ ахәаԥшартә аамҭа миллион шықәса инаӡоит. Уи адагьы  амультфильм аканалқәа хәба - англыз, аиспан, аурыс, апортугал, аукраина – абырлаш ҳамҭақәа роуит YouTube (Diamond Creator Awards) аҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥҵаҩцәа ишырҳәо ала, Animaccord зхатә YouTube зауз раԥхьатәи астудиақәа иреуоуп.
"Машьеи Мышәи" амилаҭтә хит аҟынтәи ацифратә ҭаацәаратә контент аглобалтә феномен аҟынӡа иазҳаит. Ари ҿырԥш бзиоуп. Ҳаплатформа "Анимаккорд" ахархәарала урыстәылатәи анимациатә индустриа еицырдыруа иҟалеит» ҳәа лҳәеит  Урыстәыла YouTube анапхгаҩы  Анна Данишевскаиа.
"Машьеи Мышәи" раудиториа адунеи зегьы аҿы иазҳауеит. 2020-шықәсазы мацара  асериал англыз бызшәатә канал 10 миллионк рҟынтәи 20 миллион рҟынӡа анапаҵаҩцәа аиуит. Иахьа дара рхыԥхьаӡара 28 миллион ыҟоуп.
Амультсериал Гиннес ирекордқәа ирылашәеит, уи адагьы  ашкол иҭамлац рыбжьара еиҳа ирҭаху ашоуқәа рсиа иаҵанакит (Parrot Analytics, нанҳәа 2021ш).
Ажәабжьқәа зегьы
0