Аҿар ртеатр асцена ду аҿы раԥхьатәи рықәгылара

Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа адраматә театр асценаҟны Шоҭа Ҷкадуа ипиеса "Ҳаԥсыуаауп, Ҳаԥсыуаа" (Акьанџьа) ықәдыргылеит.

Аспектакль "Ҳаԥсыуаауп, Ҳаԥсыуаа" раԥхьаӡакәны иқәиргылеит арежессиор Дырмит Кәартаа, ароль хада нарыгӡон Софа Агәмаа, Амиран Ҭаниа, Заира Анқәаб-Ермолова. Апиеса ахаҭа акәзар, аԥсуа ҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи, аҭаацәараҿы имҩаԥысуа ауадаҩрақәеи ирызкуп.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵан нанҳәа 20, 2014 шықәсазы. Атеатр аилазаараҿы ихәмаруа актеорцәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет "актиортә ҟазара" аҟәша аушьҭымҭацәа роуп, дара аус руан атеатр "Аамҭа" аҟны.

 

© Sputnik Томас ТхайцукСофа Агәмаа напхара зылҭо аҿар ртеатр асцена ду ахь ицәырҵит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
1/10
Софа Агәмаа напхара зылҭо аҿар ртеатр асцена ду ахь ицәырҵит.
© Sputnik Томас ТхайцукАпремиера азы аԥсуа драматург, апрозаик Шоҭа Ҷкадуа ипиеса "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" (Акьанџьа) алхын.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
2/10
Апремиера азы аԥсуа драматург, апрозаик Шоҭа Ҷкадуа ипиеса "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" (Акьанџьа) алхын.
© Sputnik Томас ТхайцукАҿар ртеатр арежиссиор Софа Агәмаа апиеса аҟны ароль хада налыгӡеит. Аԥсны Жәлар рартиска илылшеит зыҷкәын илахьынҵа аӡбара иаргәаҟуа ан лхаҿсахьа аарԥшра.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
3/10
Аҿар ртеатр арежиссиор Софа Агәмаа апиеса аҟны ароль хада налыгӡеит. Аԥсны Жәлар рартиска илылшеит зыҷкәын илахьынҵа аӡбара иаргәаҟуа ан лхаҿсахьа аарԥшра.
© Sputnik Томас Тхайцук30 шықса рышьҭахь Аԥсны Жәлар рартиска Софа Агәмаа асцена ду ахь лцәырҵра ссирын, ахәаԥшцәагьы напеинҟьабжьыла илԥылеит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
4/10
30 шықса рышьҭахь Аԥсны Жәлар рартиска Софа Агәмаа асцена ду ахь лцәырҵра ссирын, ахәаԥшцәагьы напеинҟьабжьыла илԥылеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАктиор ҿарацәа ргәы хыҭхыҭуа асцена ду ахь ацәырҵра иазыԥшын, иҳараку актиортә ҟазара аадырԥшит. Афото аҟны Вадим Абыхәбеи Аслан Еныкьи.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
5/10
Актиор ҿарацәа ргәы хыҭхыҭуа асцена ду ахь ацәырҵра иазыԥшын, иҳараку актиортә ҟазара аадырԥшит. Афото аҟны Вадим Абыхәбеи Аслан Еныкьи.
© Sputnik Томас ТхайцукАри апиеса Софа Агәмаа лзы раԥхьатәиӡам - асцена ду аҟны иқәдыргылаанӡа ари аспектакль егьырҭ актиор ҿарацәы лываргыланы лхатә театр "Аамҭа" аҟны иқәлыргылеит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
6/10
Ари апиеса Софа Агәмаа лзы раԥхьатәиӡам - асцена ду аҟны иқәдыргылаанӡа ари аспектакль егьырҭ актиор ҿарацәы лываргыланы лхатә театр "Аамҭа" аҟны иқәлыргылеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАспектакль аҽазыҟаҵаарқәа агәыхыҭхыҭра ацын. Адекорациеи ашәҵатәқәеи аҵыхәтәанытәи амшқәа рҟынӡа иаздырхион.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
7/10
Аспектакль аҽазыҟаҵаарқәа агәыхыҭхыҭра ацын. Адекорациеи ашәҵатәқәеи аҵыхәтәанытәи амшқәа рҟынӡа иаздырхион.
© Sputnik Томас ТхайцукАспектакль асиужет ала афырхаҵа хада раԥхьатәи ибзиабара ихаишҭырц азы ԥшьынтә аҳәсацәа ааигеит, аха рыԥшьҩыкгьы рҟынтә аӡәгьы аҩны даанымхеит, аӡәгьы иан дылгәамԥхеит. Амала аҵыхәан иалихыз дилахьынҵахеит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
8/10
Аспектакль асиужет ала афырхаҵа хада раԥхьатәи ибзиабара ихаишҭырц азы ԥшьынтә аҳәсацәа ааигеит, аха рыԥшьҩыкгьы рҟынтә аӡәгьы аҩны даанымхеит, аӡәгьы иан дылгәамԥхеит. Амала аҵыхәан иалихыз дилахьынҵахеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАфырхаҵа хада аԥшьбатәи иԥҳәыс, лыԥшра мчын, аха згәы разыз, иҟәышыз аӡә лакәын, анхәа лгәы дақәшәеит. Лара лҟәышра абзоурала аҭаацәа аҵеи дроуит: афырхаҵа хада иахь раԥхьатәи иԥҳәыс лҟынтәи иԥа дааргеит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
9/10
Афырхаҵа хада аԥшьбатәи иԥҳәыс, лыԥшра мчын, аха згәы разыз, иҟәышыз аӡә лакәын, анхәа лгәы дақәшәеит. Лара лҟәышра абзоурала аҭаацәа аҵеи дроуит: афырхаҵа хада иахь раԥхьатәи иԥҳәыс лҟынтәи иԥа дааргеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАҿар ртеатр ақәгылара акыр иззыԥшыз аби аԥеи реиԥылара асцена ала ихыркәшын. Аспектакль қәҿиарала ахәаԥшцәа идырбан. Актиор ҿарацәа аҟазара амҩа ду иқәлеит.
Аԥсны атеатр асцена хада аҟны Аҿар ртеатр апремиера. - Sputnik Аҧсны
10/10
Аҿар ртеатр ақәгылара акыр иззыԥшыз аби аԥеи реиԥылара асцена ала ихыркәшын. Аспектакль қәҿиарала ахәаԥшцәа идырбан. Актиор ҿарацәа аҟазара амҩа ду иқәлеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0