45 шықәса "Шьараҭын" ҳацны

Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" 45 шықәса ахыҵит.

Арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рнапқәа еибаркны еивагьыжьуеит. Иаалырҟьан асцена дықәлоит аԥаҭхь кны иӡышӡа ишлоу аҭаҳмада. Уи икәашо дрықәныҳәоит. Абырг пату иқәҵо икәашоз абырсааҭк иаангылоит – абас, ажәытә кәашара "Шьараҭын" ала 45 шықәса раахыс иаанартуеит ансамбль "Шьараҭын" аныҳәатә концертқәа.

Леон иорден занашьоу, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" 45 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә программа арепертуар иалан ахәаԥшыҩцәа бзиа еицырбахьоу акәашарақәа рнаҩс иҿыцу ақәыргыларагьы – "Акәымжәыуаа".

"Шьараҭын" раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит 1970 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны.

45-шықәса раахыс ансамбль "Шьараҭын" адунеи ақалақьқәа 250 рҟынӡа ирҭаахьеит.

Ансамбль инанагӡоит афольклортә кәашарақәа реиԥш ақьабзтәи аритуалтәи ҟазшьа змоу акәашарақәагьы. Ансамбль арепертуар иалоуп абарҭ рҩызцәа акәашарақәа: "Аибаркыра Шьараҭын", "Аҭыԥҳацәа ргәазыҳәарақәа", "Ашәарыцацәа рыкәашара – Иаирума", "Ауапа кәашара", "Аҟама кәашара", "Ачаракәашара", "Анхацәа рыкәашара", "Нарҭаа", "Ҭауадаа рыкәашара", "Аҟармыгәкәашара" у.у.е. "Шьараҭын" арепертуар иалоуп Кавказтәи ажәларқәа рыкәашарақәагьы.

Ансамбль "Шьараҭын" Тунис имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи XI Карфагентәи афестиваль аԥхьахә анашьоуп. Самсун ақалақь аҟны имҩаԥысуаз афольклортә кәашарақәа Жәларбжьаратәи рфестивальқәа хԥа рҟны ансамбль акәашацәа хынтәны аиааира ааргахьеит, Москватәи XII Жәларбжьаратәи афестиваль иадипломантцәахахьеит. Иара убасгьы Алада Урыстәыла ақалалқьқәа рассоциациа жәлар рҟазара афестивальқәа ҩба ирдипломантцәоуп.

Аԥсны ахьчараан агәымшәареи афырхаҵареи рзи амилаҭ ҟазара аизырҳарази ансамбль "Шьараҭын" Леон иорден анашьоуп.

1996 шықәсазы "Шьараҭын" раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы Едуард Бебиа ихьӡ ахҵан.

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" ахәаԥшцәа ирыднагалеит аиубилеитә программа ҿыц.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
1/11
Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" ахәаԥшцәа ирыднагалеит аиубилеитә программа ҿыц.
© Sputnik Томас ТхайцукАмилаҭтә кәашарақәа – аԥсуа жәлар ркультура иузаҟәымыҭхо иҟоуп. 45-шықәса ҵуеит ансамбль "Шьараҭын" ажәытәтәи аԥсуа кәашарақәа рыԥсы ҿыцны ирхарҵоижьҭеи.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
2/11
Амилаҭтә кәашарақәа – аԥсуа жәлар ркультура иузаҟәымыҭхо иҟоуп. 45-шықәса ҵуеит ансамбль "Шьараҭын" ажәытәтәи аԥсуа кәашарақәа рыԥсы ҿыцны ирхарҵоижьҭеи.
© Sputnik Томас ТхайцукАныҳәатә концерттә программа иалалеит еицырдыруа акәашарақәа реиԥш иҿыцугьы – "Акәымжәыуаа".
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
3/11
Аныҳәатә концерттә программа иалалеит еицырдыруа акәашарақәа реиԥш иҿыцугьы – "Акәымжәыуаа".
© Sputnik Томас ТхайцукАкәашара абызшәала "Шьараҭын" артистцәа ахәаԥшыҩцәа иддырбоит аибашьра, ауааԥсыра есҽынтәи рыбзазара, урҭ ргәырҩақәа, ргәырӷьарақәа.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
4/11
Акәашара абызшәала "Шьараҭын" артистцәа ахәаԥшыҩцәа иддырбоит аибашьра, ауааԥсыра есҽынтәи рыбзазара, урҭ ргәырҩақәа, ргәырӷьарақәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа кәашарақәа мҩанызго ирхаданы иҟоуп адаул.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
5/11
Аԥсуа кәашарақәа мҩанызго ирхаданы иҟоуп адаул.
© Sputnik Томас ТхайцукАкәашара ҩаӡара хадас иамоу аихатырреи аилыххареи "Шьараҭын" артистцәа қәҿиарала иаадырԥшуеит.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
6/11
Акәашара ҩаӡара хадас иамоу аихатырреи аилыххареи "Шьараҭын" артистцәа қәҿиарала иаадырԥшуеит.
© Sputnik Томас Тхайцук"Аҽыуаа", "Аҟармыгәкәашара", "Нарҭаа рыкәашара" рҟны артистцәа ахьиҩқәҵаҩ иеиԥш инарыгӡоит иуадаҩӡоу аелементқәа.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
7/11
"Аҽыуаа", "Аҟармыгәкәашара", "Нарҭаа рыкәашара" рҟны артистцәа ахьиҩқәҵаҩ иеиԥш инарыгӡоит иуадаҩӡоу аелементқәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАнсамбль инанагӡоит Аԥснеиԥш Кавказтәи ажәларқәа рфольклортә кәашарақәеи ақьабзтәи аритуалтәи ҟазшьа змоу акәашарақәеи.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
8/11
Ансамбль инанагӡоит Аԥснеиԥш Кавказтәи ажәларқәа рфольклортә кәашарақәеи ақьабзтәи аритуалтәи ҟазшьа змоу акәашарақәеи.
© Sputnik Томас ТхайцукАкәашара иаанарԥшуеит аԥсуа ҭыԥҳа леихышәашәареи лыԥшӡареи.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
9/11
Акәашара иаанарԥшуеит аԥсуа ҭыԥҳа леихышәашәареи лыԥшӡареи.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа милаҭтә кәашарақәа релементқәак махәҿалатәи азыҟаҵара бзиа рҭахуп.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
10/11
Аԥсуа милаҭтә кәашарақәа релементқәак махәҿалатәи азыҟаҵара бзиа рҭахуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАнсамбль акәашацәа асцена дырмацәысуеит.
Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
11/11
Ансамбль акәашацәа асцена дырмацәысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0