Ахәышәтәратә ӡы "Ауадҳара" аҟаҵашьа

Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ауарашршырҭа зауад аиҳабы Амра Ануаԥҳа иазгәалҭеит "Ауадҳара" адунеи аҟны еицырдыруа егьырҭ аӡыхәшәқәа иаарылукаартә иҟоуп ҳәа.

"Ауадҳара" Аԥсны еиҳа рхы иадырхәо, ирылаҵәаны иҟоу минералтә ӡуп. Иара иахыҵхырҭоуп ахьӡ захьӡу, абольнеологиатә курорт Ауадҳара.

Аминералтә ӡы ҭрыжьуеит Аԥсны азауадқәа. Урҭ ируакуп Аҟәатәи ауарашыршырҭатә зауад 2015 шықәса рзы иара иҭнажьит 7 000 декалитр аминералӡы.

"Ҳара иҳамоуп аԥышәа ду. Уи асовет аамҭақәа рҟынтәи ахы акуеит. Ҳзауад аҟынтәи вагонла аминерал ӡы рышьҭуан Асовет еидгыла егьырҭ ареспубликақәа рахь", — лҳәеит азауад адиректор Амра Ануаԥҳа.

"Ауадҳара" амаҭәашьареилазаара ауаҩытәыҩсатә организм ашьарҿиара функциа иацхраауеит, ахшыбаҩ аусура еиӷьнатәуеит. Амаҭәашьар бор алазаара ақьамсарҩачымазара аӷьара арццакуеит. 

Аминералтә ӡы "Ауадҳара" рхы иадырхәоит асанаториақәеи абальнеологиатә хәышәтәырҭақәеи рҟны. Ҩныҵҟала адкылараан еиуеиԥшым аҩныҵҟатәи ачымазарақәа: ацачымазарақәа, акьатеичымазарақәа, аколитқәа, аентероколитқәа, агәаҵәачымазара уҳәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Амра Ануа лажәақәа рыла, “Ауадҳара” адунеи аҿы еицырдыруа аӡқәа  иаарылукааратәы иҟоуп. Ҿырԥштәыс  иаагозар “Виши Селестени”, ари наукала ишьақәырӷәӷәоуп. 

Ҳреспубликаҿы Ауадҳара даара ирацәаны иадҵаалоит. Иҭзыжьуа адунеи атәылақәа зегьы рахь ирышьҭыртә алшара рымоуп. Иахьатәи аамҭазы аминералтә ӡы "Ауадҳара" Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ирышьҭуеит.

 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАзауад ахы ианархәо аминералтә ӡы актәи акылҳара Ауадҳара арха аҿынтә ауп иахьырго. Уантәи аӡы ааргоит иҷыдоу автомкьаҭ ала имжьакцо аиха иалху. Иааргаз аӡы рҵәахуеит азауад аӷәраҵаҿы, амра ашәахәа ахьзымнеиуа, уа иҷыдоу атемпература ыҟоуп аӡы ԥхасҭамхарц азы.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
1/14
Азауад ахы ианархәо аминералтә ӡы актәи акылҳара Ауадҳара арха аҿынтә ауп иахьырго. Уантәи аӡы ааргоит иҷыдоу автомкьаҭ ала имжьакцо аиха иалху. Иааргаз аӡы рҵәахуеит азауад аӷәраҵаҿы, амра ашәахәа ахьзымнеиуа, уа иҷыдоу атемпература ыҟоуп аӡы ԥхасҭамхарц азы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡы аҭаҭәара иалагаанӡа ирышьҭоит изрыцқьаша ипоу афильтр ала.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
2/14
Аӡы аҭаҭәара иалагаанӡа ирышьҭоит изрыцқьаша ипоу афильтр ала.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаҩс аӡы асатуратор аҿынтә ицоит, уи иҷыдоу аппаратуп, ақәыӷәӷәарала аӡы ианаҭоит углекислыи газ ҳәа изышьҭоу.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
3/14
Анаҩс аӡы асатуратор аҿынтә ицоит, уи иҷыдоу аппаратуп, ақәыӷәӷәарала аӡы ианаҭоит углекислыи газ ҳәа изышьҭоу.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаҩс "Ауадҳара" атриблок ахь ишьҭхоит – уи ахала аус зуа механизмуп, етапцыԥхьаӡа иахәҭоу ауснагӡатәқәа ҟанаҵоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
4/14
Анаҩс "Ауадҳара" атриблок ахь ишьҭхоит – уи ахала аус зуа механизмуп, етапцыԥхьаӡа иахәҭоу ауснагӡатәқәа ҟанаҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАктәи - абаҭлыкақәа рыӡәӡәоит иҷыдоу адезинфекциатә ӡҩа ала.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
5/14
Актәи - абаҭлыкақәа рыӡәӡәоит иҷыдоу адезинфекциатә ӡҩа ала.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи - аӡы абаҭлыкақәа рахь иҭарҭәоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
6/14
Аҩбатәи - аӡы абаҭлыкақәа рахь иҭарҭәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхԥатәи - абаҭлыкақәа ахҩақәа рырҭоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
7/14
Ахԥатәи - абаҭлыкақәа ахҩақәа рырҭоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАаигәа иҟоуп уамак идуум алабораториа, уа иахылаԥшуеит аминералтә ӡы ахаҭабзиара.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
8/14
Ааигәа иҟоуп уамак идуум алабораториа, уа иахылаԥшуеит аминералтә ӡы ахаҭабзиара.
© Sputnik / Томас ТхайцукАзауад аусзуҩ абаҭлыкақәа атәым маҭәашьарк рыламшәарц азы дахылаԥшуеит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
9/14
Азауад аусзуҩ абаҭлыкақәа атәым маҭәашьарк рыламшәарц азы дахылаԥшуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаҩстәи етапны иҟоуп адыргақәҵа ақәҵара.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
10/14
Анаҩстәи етапны иҟоуп адыргақәҵа ақәҵара.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра аӡы анҭарҭәа арыцхә анырҵоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
11/14
Ара аӡы анҭарҭәа арыцхә анырҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбаҭлыкақәа жәаҩа-жәаҩа цырала еиқәдыршәоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
12/14
Абаҭлыкақәа жәаҩа-жәаҩа цырала еиқәдыршәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАпроцесс аҵыхәтәантәи аетап аҿы абаҭлыкақәа ихиоу аалыҵ ахьыҟоу ашьҭаҵарҭаҿы инаргоит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
13/14
Апроцесс аҵыхәтәантәи аетап аҿы абаҭлыкақәа ихиоу аалыҵ ахьыҟоу ашьҭаҵарҭаҿы инаргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукҲреспубликаҿы Ауадҳара даара ирацәаны иадҵаалоит. Иҭзыжьуа адунеи атәылақәа зегьы рахь ирышьҭыртә алшара рымоуп. Иахьатәи аамҭазы аминералтә ӡы "Ауадҳара" Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ирышьҭуеит.
Ахәышәтәратә ӡы Ауадҳара аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
14/14
Ҳреспубликаҿы Ауадҳара даара ирацәаны иадҵаалоит. Иҭзыжьуа адунеи атәылақәа зегьы рахь ирышьҭыртә алшара рымоуп. Иахьатәи аамҭазы аминералтә ӡы "Ауадҳара" Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ирышьҭуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0