Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия" аконцерт мҩаԥысит Ингәыштәыла амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ.
Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия" аконцерт мҩаԥысит Ингәыштәыла амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Ашьха ашьыжьшара" захьӡу акәашара нанагӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия".
Аконцерт иалагеит Ингәыштәыла аҭоурых аӡыргарала. Афилармониа аекран ду ала ахәаԥшцәа идырбан ареспублика аҭоурых, атрадициақәа, ақәҿиарақәа.
Амилаҭтә орнамент ала зыҵкы шкәакәақәа хырҷаз аҭыԥҳацәеи акәымжәы еиқәаҵәақәа рыла еибыҭаз арԥарацәеи рыкәашарала иаадырԥшуан амилаҭтә ҟазшьа.
Аконцерт ахәаԥшразы аԥснытәи ансамбльқәа рыкәашацәагьы. Урҭ иаразнакы иазгәарҭеит аҟазара ҳаракы.
Белла Базоркина "Азамаҭ" иашәа аԥсышәала иналыгӡеит. Азал акраамҭа рнапы лзеинырҟьон.
Аконцерт хыркәшахеит аингәыш лезгинка ала. Ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапы еинырҟьон.
Ахәылԥаз аҟны зегь раасҭа игәакьан ирыдыркылеит Кавказ ажәларқәа еицырзеиԥшуп ҳәа ззуҳәаша аҭыԥҳа леимакра кәашара.
Акәашара ашьҭахь ашәала ажәлар рҭоурых аадырԥшит ансамбль ашәаҳәаҩцәа.
Аҩбатәи акәашара– гәлеҭтәи аингәышцәа рыкәашара акәзар актәи зынӡа еиԥшымызт. Иахәаԥшуаз ракәзар ҳакәашарақәа иреиԥшныршьалеит аццакрала, аласрала.
Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетия" аконцерт мҩаԥысит Ингәыштәыла амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ.
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа. Ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, амгьал игәыларҵоит ашә, иара ус баша иуфаргьы ҟалоит.
Ахьара змоу анхацәа аџьабаа адырбалоит ахш-хырҵәы аҭыԥ ақәҵара. Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш рыдыркылаӡом, нас ианрымшьароу, арахә рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа ирымҵаныҳәоит. Уи ашьҭахь ахш ацар арҭар, идыршыр ҟалоит, амцахь инаргоит, аџьыка адыркуеит.
Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
Аԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп.
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом.
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
Абас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит.
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа.
Ачашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп.
Аџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит.
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.
Аҟәеи егьырҭ амшын иаԥну Аԥсны ақалақьқәеи рҟны асду шамахамзар илеиӡом, хәыҷык леиргьы рацәак анҵыра амаӡам. Қьырса Иӡаахра аныҳәазы илеиз ирлас иӡыҭит. Sputnik ахьӡеит иузнымкыло аԥшӡара аиқәырхара.
Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха.
Асубтропикатә шәаԥыџьаԥ асы ақәны иахьубо аҭыԥқәа маҷуп адунеи аҿы.
Ауааԥсыра асеигәыдҵа ихәмаруеит.
Алақәагьы асы еигәырӷьоит
Аԥсны асы шамаха илеиӡом.
Амандаринақәа асы рықәыҳәҳәа абара-иссируп.
Ари арԥыс акгьы дацәшәом, асырҳәы инапаҿы иҟоуп.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аботаникатә баҳчаҟны есышықәса аԥхарра бзиа избо аҵиаақәа иҷыдоу аш ала ишҭарыҳәҳәо.
Хәыҷи-дуи рзы гәырӷьароуп асоура
Ашәҭқәа лымкаала асы рнаалоит
Амшын аҟәараҿы асы абара -иџьашьахәуп.
Атәыла ахада аилатәараан афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит. Урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.
Ахада адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц иҳәеит. Апроблема ӡбамхар, акадртә еиҭакрақәа мҩаԥгатәхоит ҳәа иҳәеит ахада.
Аԥхьатәи алҵшәақәа мчыбжьык иахымгакәа иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа. Иара убас есышьыжь асааҭ 10 рзы аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡои ахада Иусбарҭа аиҳаби рҿаԥхьа русуразы аҳасабырба ҟарҵаларц рыдиҵеит.
"Мчыбжьык иалагӡаны араионқәа рҿы афымцамч ахархәара лаҟәымхар, ишәырҭаз адокумент аҿы иарбоу 2019 шықәсазтәи анорматив 5 % ацны аҟынӡа имнеир, араион ахада, амилициа аҟәша аиҳабы, апрокурор, аенергетик – зегьы лахь рыҭахоит, иааиуа егьи ашәахьазы русура иамххоит", - ҳәа инаҵишьит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.