Иԥшьоу ачеи ашьтәеи: Габниаа рныҳәара

Анапаҵаҩра
Октиабр 28 рзы, ашәахьаҽны Џьырхәа ақыҭа Габниаа ажәлантә рныҳәара мҩаԥыргеит. Уи амҩаԥгашьеи Габниаа рныҳәара аҭоурыхи дазааҭгылоит аныҳәара зҽалазырхәыз Нарҭыдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы. Габниаа ацқьақәа ҳәа зырҳәогьы, иҟоуп ажәла Габуниа, урҭгьы Габниаауп рҳәоит, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны (амҳаџьырра аан, иара убас ақырҭцәа аԥсуа жәлақәа дара ртәала ианырыԥсахыз) рыжәла ԥсаххеит, убри аҟнытә Габниаа ацқьақәа ҳәа иалыркаауеит. Ас еиԥш егьырҭ аԥсуа жәлақәак рҟынгьы иуԥылоит. Аныҳәара ахаҭа мҩаԥызго ахацәа роуп, аҳәса уахь ааигәа инеир ҟалом.

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра >>

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку анҵамҭа шәахәаԥш абра>>

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәГабниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы.
Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы.  - Sputnik Аҧсны
1/11
Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАныҳәаҩ ашьтәа аԥсы шҭоу данахныҳәалак, егьырҭ ажәлантәқәа рныҳәараҟын еиԥш, ашьтәа аԥсы шҭоу аӡарҵәи ҟаҵаны арӷьа ашьапала икнарҳауеит. Аҷкәынцәа уи аҭыԥ иқәырҵоит.
Аныҳәаҩ ашьтәа аԥсы шҭоу данахныҳәалак, егьырҭ ажәлантәқәа рныҳәараҟын еиԥш, ашьтәа аԥсы шҭоу аӡарҵәи ҟаҵаны арӷьа ашьапала икнарҳауеит. Аҷкәынцәа уи аҭыԥ иқәырҵоит.  - Sputnik Аҧсны
2/11
Аныҳәаҩ ашьтәа аԥсы шҭоу данахныҳәалак, егьырҭ ажәлантәқәа рныҳәараҟын еиԥш, ашьтәа аԥсы шҭоу аӡарҵәи ҟаҵаны арӷьа ашьапала икнарҳауеит. Аҷкәынцәа уи аҭыԥ иқәырҵоит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАҭыԥ аҟны аҷкәынцәа заа инеины ирыцқьаны иҟарҵоит.
Аҭыԥ аҟны аҷкәынцәа заа инеины ирыцқьаны иҟарҵоит. - Sputnik Аҧсны
3/11
Аҭыԥ аҟны аҷкәынцәа заа инеины ирыцқьаны иҟарҵоит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАныҳәараҿы ируа абысҭа ахәаӡ алоуп изларуа иахьагьы. Ажәытә ахәаӡ аадрыхуан, уи ала акәын абысҭа шыруаз, ҳаамҭазы ахәаӡ аадрыхӡом, аха аныҳәаразы иаахәаны иааганы абысҭа аларуеит.
Аныҳәараҿы ируа абысҭа ахәаӡ алоуп изларуа иахьагьы. Ажәытә ахәаӡ аадрыхуан, уи ала акәын абысҭа шыруаз, ҳаамҭазы ахәаӡ аадрыхӡом, аха аныҳәаразы иаахәаны иааганы абысҭа аларуеит.  - Sputnik Аҧсны
4/11
Аныҳәараҿы ируа абысҭа ахәаӡ алоуп изларуа иахьагьы. Ажәытә ахәаӡ аадрыхуан, уи ала акәын абысҭа шыруаз, ҳаамҭазы ахәаӡ аадрыхӡом, аха аныҳәаразы иаахәаны иааганы абысҭа аларуеит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАхацәа рус дара рышьтәа акәзар, аҳәса рҟны ақьҭамхә ҳәа еиларҵо аџьыкҵәаҵәеи, акаканчаԥеи, акәытқәеи роуп. Урҭ аԥшәмаԥҳәыс лҟны инаганы рыфатәқәа дырмазеиуеит.
Ахацәа рус дара рышьтәа акәзар, аҳәса рҟны ақьҭамхә ҳәа еиларҵо аџьыкҵәаҵәеи, акаканчаԥеи, акәытқәеи роуп. Урҭ аԥшәмаԥҳәыс лҟны инаганы рыфатәқәа дырмазеиуеит. - Sputnik Аҧсны
5/11
Ахацәа рус дара рышьтәа акәзар, аҳәса рҟны ақьҭамхә ҳәа еиларҵо аџьыкҵәаҵәеи, акаканчаԥеи, акәытқәеи роуп. Урҭ аԥшәмаԥҳәыс лҟны инаганы рыфатәқәа дырмазеиуеит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАбыржәааны, абыӷьқәа анкаԥсо, аха зегьы анкамԥсацгьы, ҭагалан аамҭазы, есышықәса абри аныҳәара мҩаԥыргоит.
Абыржәааны, абыӷьқәа анкаԥсо, аха зегьы анкамԥсацгьы, ҭагалан аамҭазы, есышықәса абри аныҳәара мҩаԥыргоит. - Sputnik Аҧсны
6/11
Абыржәааны, абыӷьқәа анкаԥсо, аха зегьы анкамԥсацгьы, ҭагалан аамҭазы, есышықәса абри аныҳәара мҩаԥыргоит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАныҳәара иадыргало ача рӡӡом, акәац ахьыжәуа убра иржәуеит.
Аныҳәара иадыргало ача рӡӡом, акәац ахьыжәуа убра иржәуеит. - Sputnik Аҧсны
7/11
Аныҳәара иадыргало ача рӡӡом, акәац ахьыжәуа убра иржәуеит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАкәац анжәы, аныҳәаҩ араса-ҵәы агәыи, агәаҵәеи, ажәҩашәаҟьеи, иара убас акәац аҟны иржәыз ачеи нахаҵаны, аныҳәараз иҭаҭәаз аҩ-ҿа аанкыланы дырҩегьых Анцәа иахь ихы нарханы (ихы хтны) дныҳәеит.
Акәац анжәы, аныҳәаҩ араса-ҵәы агәыи, агәаҵәеи, ажәҩашәаҟьеи, иара убас акәац аҟны иржәыз ачеи нахаҵаны, аныҳәараз иҭаҭәаз аҩ-ҿа аанкыланы дырҩегьых Анцәа иахь ихы нарханы (ихы хтны) дныҳәеит.  - Sputnik Аҧсны
8/11
Акәац анжәы, аныҳәаҩ араса-ҵәы агәыи, агәаҵәеи, ажәҩашәаҟьеи, иара убас акәац аҟны иржәыз ачеи нахаҵаны, аныҳәараз иҭаҭәаз аҩ-ҿа аанкыланы дырҩегьых Анцәа иахь ихы нарханы (ихы хтны) дныҳәеит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәГабниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп.
Габниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп.  - Sputnik Аҧсны
9/11
Габниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАныҳәара иақәшәо асас дарбанызаалакь уи иҽалаирхәыр ауеит, аха Габниаа зыхныҳәаз ашьтәеи ачеи агьама ибар ҟалаӡом.
Аныҳәара иақәшәо асас дарбанызаалакь уи иҽалаирхәыр ауеит, аха Габниаа зыхныҳәаз ашьтәеи ачеи агьама ибар ҟалаӡом. - Sputnik Аҧсны
10/11
Аныҳәара иақәшәо асас дарбанызаалакь уи иҽалаирхәыр ауеит, аха Габниаа зыхныҳәаз ашьтәеи ачеи агьама ибар ҟалаӡом.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАҭыԥ аҟны ахацәа араса быӷьқәа шьҭаҵаны иҟарҵоит, ажәытәан еиԥш иахьагьы абысҭагьы абыӷьқәа ирықәҵаны ауп ишадтәало.
Аҭыԥ аҟны ахацәа араса быӷьқәа шьҭаҵаны иҟарҵоит, ажәытәан еиԥш иахьагьы абысҭагьы абыӷьқәа ирықәҵаны ауп ишадтәало.  - Sputnik Аҧсны
11/11
Аҭыԥ аҟны ахацәа араса быӷьқәа шьҭаҵаны иҟарҵоит, ажәытәан еиԥш иахьагьы абысҭагьы абыӷьқәа ирықәҵаны ауп ишадтәало.
Ажәабжьқәа зегьы
0