Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит

Анапаҵаҩра
Аныҳәатә қәгылара иалахәуп еицырдыруа аолимпиатә чемпионцәа Татиана Навка, Алина Загитова, аҵааҿы акәашараҿы ԥшьконтинентк реицлабраҟны аиааира ҩынтә изгахьоу Пиотр Чернышиов.

Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны аиааира згахьоу Татиана Навка ашоу ҿыц "Спящая красавица. Легенда двух королевств" ацыԥҵәаха длырбеит. Татиана Навка аҵаахь илыццәырҵит Алина Загитовеи Пиотр Чернышиови.

ГУМ-Каток 14-тәи асезон иатема хаданы иҟалеит ахәыҷқәа рзы апрограмма "Спокойной ночи, малыши!" аиубилеи. Уи ателедырраҭара сынтәа 55 шықәса ахыҵит. Аҭааҩцәа ирыман алшара аҵаақәшьқьраара адагьы, бзиа ирбоз аперсонажцәа рацәажәара, рфото рыцҭыхра.

"Сара сзы ари иҿыцу ԥышәоуп. Даара сгәы иахәеит сахьаарыԥхьаз", - ҳәа Загитова лажәақәа еиҭанаҳәоит РИА Новости.

Сынтәатәи асезон аҿы ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҽарҭбааит. Уажәы ара аамҭакала 450-ҩык аднакылоит.

Аԥхьатәи шьыжьтәи асеансқәа ԥшьба хәыда-ԥсада урҭаар алшоит. Традициак аҳасабала имҩаԥгахоит хәыда-ԥсадатәи амастер-классқәа. Имҩаԥигоит ахоккеи азы адунеи ачемпион Алексеи Иашин. Иара изҭаху зегьы ирзеиҭеиҳәоит ари аспортхкы аҷыдарақәа, идирбоит амаӡақәа. Иара убасгьы сынтәа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭаҿы имҩаԥысуеит ампыл ала Урыстәылазегьтәи ахоккеитә турнир ахәыҷқәа рыбжьара, имҩаԥгахоит Астудент имш, Бзиа еибабо рымш, иара убасгьы ауснагӡатәқәа рацәаны.

ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аус ауеит асааҭ 10:00-23:30 ирыбжьанакуа аамҭазы 2020 шықәса хәажәкырамзанӡа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россия сегодня", Sputnik ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭеи, "Новогодние елки в ГУМе на Красной площади" апроекти, ГУМ-Џьармыкьеи информациатә партниорны ирзыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҭааҩцәа чаразуеит
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
1/12
Ашҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҭааҩцәа чаразуеит
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАктриса Ксениа Алфиорова ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭаҟны акарусель дақәтәоуп
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
2/12
Актриса Ксениа Алфиорова ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭаҟны акарусель дақәтәоуп
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфигуристка Алина Загитова ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟалҵоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аартра ашьҭахь
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
3/12
Афигуристка Алина Загитова ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟалҵоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аартра ашьҭахь
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфигуристцәа Татиана Навкеи Пиотр Чернышеви Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Каток аартраан иқәгылеит
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
4/12
Афигуристцәа Татиана Навкеи Пиотр Чернышеви Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Каток аартраан иқәгылеит
© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Сара абас ала сыҽсырԥхоит", — иҳәеит аилахәырақәа Bosco di Ciliegi реиҳабы Михаил Куснирович ихаз ашықәс ҿыцазтәи астиль змаз ахылԥазы. Абри аҩыза ахылԥақәацә змам акаҳуажәырҭаҿы ачаи ацха аҭаны иҽирԥхар илшоит, илшоит ачаи иадикылар ачаџь, ачамчамыта, апончик, ахот-дог.
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
5/12
"Сара абас ала сыҽсырԥхоит", — иҳәеит аилахәырақәа Bosco di Ciliegi реиҳабы Михаил Куснирович ихаз ашықәс ҿыцазтәи астиль змаз ахылԥазы. Абри аҩыза ахылԥақәацә змам акаҳуажәырҭаҿы ачаи ацха аҭаны иҽирԥхар илшоит, илшоит ачаи иадикылар ачаџь, ачамчамыта, апончик, ахот-дог.
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәс ҿыцазтәи аԥсаӡқәеи, Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи рфигурақәа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҿаԥхьа идыргылеит
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
6/12
Ашықәс ҿыцазтәи аԥсаӡқәеи, Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи рфигурақәа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҿаԥхьа идыргылеит
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны аартра ацеремониа
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
7/12
ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны аартра ацеремониа
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАктриса Анфиса Черных Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа дықәчаразуеит
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
8/12
Актриса Анфиса Черных Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа дықәчаразуеит
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Ашоу ссируп. Навка дхазыноуп. Рыҵкы ҵаӷақәа уахьрыхәаԥшуаз ухаҭагьы ахьҭа уакуан, аха апрофессионализм ҳарак аадырԥшит", - лҳәоит зыӡӷаб Миа дзыцны арахь иааиз Алиса. Фышықәса зхыҵуа Миа Татиана Навка леиԥш ларгьы деицырдыруа дҟалар лҭахыижьҭеи.
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
9/12
"Ашоу ссируп. Навка дхазыноуп. Рыҵкы ҵаӷақәа уахьрыхәаԥшуаз ухаҭагьы ахьҭа уакуан, аха апрофессионализм ҳарак аадырԥшит", - лҳәоит зыӡӷаб Миа дзыцны арахь иааиз Алиса. Фышықәса зхыҵуа Миа Татиана Навка леиԥш ларгьы деицырдыруа дҟалар лҭахыижьҭеи.
© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСынтәа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа иатеманы иҟалеит ахәыҷқәа зегьы бзиа еицырбо апрограмма "Спокойной ночи, малыши!" аиубилеи. Уи адырраҭара 55 шықәса ахыҵуеит! Татиана Навка зегь раасҭа илгәаԥхоит Хриуша, Алина Загитова - Степашка.
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
10/12
Сынтәа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа иатеманы иҟалеит ахәыҷқәа зегьы бзиа еицырбо апрограмма "Спокойной ночи, малыши!" аиубилеи. Уи адырраҭара 55 шықәса ахыҵуеит! Татиана Навка зегь раасҭа илгәаԥхоит Хриуша, Алина Загитова - Степашка.
© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҭааҩцәа гәахәарыла бзиа еицырбо "Спокойной ночи, малыши!" апресонажқәа ирыдгыланы рфотосахьақәа ҭырхуан.
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
11/12
Аҭааҩцәа гәахәарыла бзиа еицырбо "Спокойной ночи, малыши!" апресонажқәа ирыдгыланы рфотосахьақәа ҭырхуан.
© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҵааҿы амиузикл аус адырулон жә-мзы. "Амаӡақәа рацәаны иҳамоуп. Зегь ҳазҳәом макьана", - лҳәоит Татиана Навка.
Ателедырраҭара афырхацәа рцынхәрас ашәа рҳәоит, рыбжьы ахарҵоит еицырдыруа артистцәа: Ани Лорак, Александр Панаиотов, Филипп Киркоров, Гарик Харламов уҳәа егьырҭгьы.
Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
12/12
Аҵааҿы амиузикл аус адырулон жә-мзы. "Амаӡақәа рацәаны иҳамоуп. Зегь ҳазҳәом макьана", - лҳәоит Татиана Навка.
Ателедырраҭара афырхацәа рцынхәрас ашәа рҳәоит, рыбжьы ахарҵоит еицырдыруа артистцәа: Ани Лорак, Александр Панаиотов, Филипп Киркоров, Гарик Харламов уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0