Ашьха иаԥну: Кәыдрытәи аҩхааҿы инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа

Анапаҵаҩра
Ажара – Аԥсны еиҳа инахараны ишьҭоу қыҭоуп. Уи Кәыдрытәи аҩхаахь иаҵанакуеит, Аҟәантәи уаанӡа 84 километра бжьоуп.

Ажара инхоит 100-ҩык ауааԥсыра, уаанӡа иқәынхоз зегьы 2008 шықәса рзы рыҩнқәа ааныжьны ицеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра арахәааӡареи ашьхымзааӡареи рнапы алакуп. Аҿар ракәзар, урҭ рахьтә ара иаанхаз шамахамзар иуԥылом.

Ажаранӡа унеиаанӡа хәсааҭк инарзынаԥшуа амҩа бааԥсқәа урнысроуп. Ақыҭахь узго амҩақәа зегь ԥҽуп ахаҳәлеира, адгьылҳәазара, иара убас арратә техникеи амашьына дуқәеи ахьықәсуа иахҟьаны.

Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуа аҳаблақәеи атәыла егьырҭ араионқәеи еиманадоит атоннель. Уи ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит иара ахьеиҟәшьшьаз иахҟьаны аҭагылазаашьа уашәшәырахеижьҭеи. Есыҽны уи аиҟәшьшьара аура иацлоит. Уажәы 54 метра инаӡоит. Атоннель аремонт аҟаҵаразы, аекспертцәа иҟарҵаз ахәшьарала, иаҭахуп 240 миллион мааҭ.

Ажара унаӡаанӡа аҳабла Чхалҭа ыҟоуп. Ара Михаил Саакашвили инапхгара аамҭазы иргылан аҳабла ахадара ахыбрақәа, ашкол, ахәыҷбаҳча, аполициа ахыбрагьы ыҟан. Урҭ зегьы рбган Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар аҟынтәи аҭарцәраан имҩаԥгаз аоперациа аан. Усҟан ара инхоз ауааԥсыра реиҳарак рҭыԥ иахыҵны ицеит.

Ажара агәаны ақыҭатә хәышәтәырҭа гылоуп. Уи иаҭаху амыругақәа рыла еибыҭоуп, раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы иаҭаху ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп. Аха ара аус зуа медиаҳәшьа заҵәык лоуп. Ачымазцәа рахь днеиразы инамҩатәны дызго амашьынақәа рыла ацара лықәшәалоит, избанзар иҟам ацхыраара ласы амашьына.

Ажара Аԥсны иахәҭакны иҟоуижьҭеи уажәшьҭа 12 шықәса шҵуагьы, уи ауааԥсыра уажәыгьы аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рымам. Ақалақь ахь иааразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны иоузышьҭуа ашәҟәқәа ылырхлароуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАжаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуеит 18 ҳаблеи ақыҭа Ажареи. Ақыҭсовет ари ақыҭаҿоуп иахьыҟоу. Аҟәантәи Ажара агәанынӡа хәсааҭк инеиҳаны амҩа уқәхоит.
Кәыдрытәи аҩхаа - Sputnik Аҧсны
1/17
Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуеит 18 ҳаблеи ақыҭа Ажареи. Ақыҭсовет ари ақыҭаҿоуп иахьыҟоу. Аҟәантәи Ажара агәанынӡа хәсааҭк инеиҳаны амҩа уқәхоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуа аҳаблақәеи атәыла егьырҭ араионқәеи еиманадоит атоннель. Уи ргылан 1964 шықәсазы. Иара иахьа-уаҵәы еилабгар алшоит.
Кәыдрытәи аҩхааҿы иуашәшәыроу атоннель - Sputnik Аҧсны
2/17
Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуа аҳаблақәеи атәыла егьырҭ араионқәеи еиманадоит атоннель. Уи ргылан 1964 шықәсазы. Иара иахьа-уаҵәы еилабгар алшоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукХышықәса ҵуеит иара ахьеиҟәшьшьаз иахҟьаны аҭагылазаашьа уашәшәырахеижьҭеи. Есыҽны уи аиҟәшьшьара аура иацлоит. Уажәы 54 метра инаӡоит.
Кәыдрытәи аҩхааҿы иуашәшәыроу атоннель - Sputnik Аҧсны
3/17
Хышықәса ҵуеит иара ахьеиҟәшьшьаз иахҟьаны аҭагылазаашьа уашәшәырахеижьҭеи. Есыҽны уи аиҟәшьшьара аура иацлоит. Уажәы 54 метра инаӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжаранӡа амҩа бааԥс иацәымшәо амашьынақәа рыла заҵәык ауп анеира злалшо
Ажаранӡа амҩа бааԥс иацәымшәо амашьынақәа рыла заҵәык ауп анеира злалшо - Sputnik Аҧсны
4/17
Ажаранӡа амҩа бааԥс иацәымшәо амашьынақәа рыла заҵәык ауп анеира злалшо
© Sputnik / Томас ТхайцукАжара унаӡаанӡа аҳабла Чхалҭа ыҟоуп. Ара 2008 шықәсанӡа Қырҭтәыла аиҳабыратә хыбрақәа ыҟан.
Абылтәыҭаҭәарҭа - Sputnik Аҧсны
5/17
Ажара унаӡаанӡа аҳабла Чхалҭа ыҟоуп. Ара 2008 шықәсанӡа Қырҭтәыла аиҳабыратә хыбрақәа ыҟан.
© Sputnik / Томас ТхайцукКәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар аҟынтәи аҭарцәраан имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь ара инхоз ауааԥсыра реиҳарак рҭыԥ иахыҵны ицеит.
Чхалҭа аҳабла уахьналало - Sputnik Аҧсны
6/17
Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар аҟынтәи аҭарцәраан имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь ара инхоз ауааԥсыра реиҳарак рҭыԥ иахыҵны ицеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбас ауп Ажаратәи абжьаратә школ иахьа ишыҟоу, ара уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит аурокқәа мҩаԥымсуеижьҭеи.
Аус зымуа ашкол - Sputnik Аҧсны
7/17
Абас ауп Ажаратәи абжьаратә школ иахьа ишыҟоу, ара уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит аурокқәа мҩаԥымсуеижьҭеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжара ақыҭан аус ауеит ахәышәтәырҭа. Уи иаҭаху амыругақәеи ахәшәқәеи рыла еиқәыршәоуп аԥҟарақәа рымҩаԥгаразы. Аха аҳақьымцәа рхаҭақәа ыҟаӡам.
Ажара ақыҭан аус зуа ахәышәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
8/17
Ажара ақыҭан аус ауеит ахәышәтәырҭа. Уи иаҭаху амыругақәеи ахәшәқәеи рыла еиқәыршәоуп аԥҟарақәа рымҩаԥгаразы. Аха аҳақьымцәа рхаҭақәа ыҟаӡам.
© Sputnik / Томас ТхайцукГалина Гәынба – Ажаратәи ахәышәтәырҭаҟны аус зуа амедиаҳәшьа заҵә лоуп. Лара лыда ара уаҳа усзуҩ дыҟам.
Галина Гәынба – Ажаратәи ахәышәтәырҭаҟны аус зуа амедиаҳәшьа заҵә лоуп. Лара лыда ара уаҳа усзуҩ дыҟам. - Sputnik Аҧсны
9/17
Галина Гәынба – Ажаратәи ахәышәтәырҭаҟны аус зуа амедиаҳәшьа заҵә лоуп. Лара лыда ара уаҳа усзуҩ дыҟам.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьҭрала и-Гәдоуҭатәиу аԥҳәыс ари ақыҭахь диасит 2008 шықәсазы. Уажәы лара дынхоит ахәышәтәырҭа иавагылоу ҩын хәыҷык аҿы.
Шьҭрала и-Гәдоуҭатәиу аԥҳәыс ари ақыҭахь диасит 2008 шықәсазы. Уажәы лара дынхоит ахәышәтәырҭа иавагылоу ҩын хәыҷык аҿы. - Sputnik Аҧсны
10/17
Шьҭрала и-Гәдоуҭатәиу аԥҳәыс ари ақыҭахь диасит 2008 шықәсазы. Уажәы лара дынхоит ахәышәтәырҭа иавагылоу ҩын хәыҷык аҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжарахь игоу амҩала иуԥылоит аԥсабара ԥшӡа, Кәыдры аӡиас абжьы улымҳа иҭыҩуеит.
Кәыдрытәи аҩхаа асахьа - Sputnik Аҧсны
11/17
Ажарахь игоу амҩала иуԥылоит аԥсабара ԥшӡа, Кәыдры аӡиас абжьы улымҳа иҭыҩуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукУаанӡа ара игылан абанкомат, уажәы уи аус ауам.
Атерминал - Sputnik Аҧсны
12/17
Уаанӡа ара игылан абанкомат, уажәы уи аус ауам.
© Sputnik / Томас ТхайцукТариел Ашәба ида Ажара инхо уаҳа аԥсыуак дыҟам. 76 шықәса зхыҵуа ахаҵа ақыҭанхамҩа инапы алакуп, дшәарыцоит.
Тариел Ашәба ида Ажара инхо уаҳа аԥсыуак дыҟам. 76 шықәса зхыҵуа ахаҵа ақыҭанхамҩа инапы алакуп, дшәарыцоит. - Sputnik Аҧсны
13/17
Тариел Ашәба ида Ажара инхо уаҳа аԥсыуак дыҟам. 76 шықәса зхыҵуа ахаҵа ақыҭанхамҩа инапы алакуп, дшәарыцоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иахьа Ажара инхоит 100-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.
Ақыҭа Ажара  - Sputnik Аҧсны
14/17
Иахьа Ажара инхоит 100-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.
© Sputnik / Томас ТхайцукГодерӡи Гочиани иашҭаҿы дгылоуп. Иара аус иуеит иқыҭаҿы иҟоу Аӡытә фымцастанциа маҷ аҿы, инапы алакуп арахәааӡареи ашьхымзааӡареи.
Годерӡи Гочиани иашҭаҿы дгылоуп. Иара аус иуеит иқыҭаҿы иҟоу Аӡытә фымцастанциа маҷ аҿы, инапы алакуп арахәааӡареи ашьхымзааӡареи. - Sputnik Аҧсны
15/17
Годерӡи Гочиани иашҭаҿы дгылоуп. Иара аус иуеит иқыҭаҿы иҟоу Аӡытә фымцастанциа маҷ аҿы, инапы алакуп арахәааӡареи ашьхымзааӡареи.
© Sputnik / Томас ТхайцукНонна Горчиани – Ажара ииз, иааӡаз лоуп. Иахьатәи аамҭазы ара инхаз аҿар зынӡа имаҷуп.
Нонна Горчиани – Ажара ииз, иааӡаз лоуп. Иахьатәи аамҭазы ара инхаз аҿар зынӡа имаҷуп. - Sputnik Аҧсны
16/17
Нонна Горчиани – Ажара ииз, иааӡаз лоуп. Иахьатәи аамҭазы ара инхаз аҿар зынӡа имаҷуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициа аҟәша иахашәыршәыруеит аԥсуа бираҟ. Ажара ашәарҭадара дахылаԥшуеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ заҵәык.
Ажара амилициа аҟәша - Sputnik Аҧсны
17/17
Амилициа аҟәша иахашәыршәыруеит аԥсуа бираҟ. Ажара ашәарҭадара дахылаԥшуеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ заҵәык.
Ажәабжьқәа зегьы
0