Умҩа куп: Аԥсны акоронавирус аҿагылашьас иарҭо

Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчареи аламырҵәареи хықәкыс иҟаҵаны аԥкрақәа аларгалеит. Хәажәкыра 28 инаркны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.

Акоронавирус ҿкы зыхьуа ачымазцәа ҟалахьеит Аԥсны иаԥну атәылақәа зегьы рҿы. Атәыла аҩнуҵҟа бзиашәа макьана аӡәгьы идрымбалацт. Аха ус шакәугьы аиҳабыра аԥкрақәа аланагалеит. Аџьармыкьақәа раркреи, ауаажәларратә транспорт аусура аанкылареи инарываргыланы, ахәаша хәажәкыра 27 рзы атәыла аиҳабыра аҳәамҭа ҟарҵеит аҭагылазаашьа ҷыда шалагалахо азы. 

Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы ахыхьчара ҩ-напыкала рҽазыркит, агәҽанызаара рымоуп: аҿаршәқәеи асабрадақәеи зхоу ауаа рбара аӡәгьы иџьаишьаӡом шьҭа. Аха зегьыҵәҟьа ус рхы мҩаԥыргом. Адәқьанқәа рҟны аахәаҩцәа метра-метрак еиҵамкәа ирыбжьазароуп ҳәа аԥҟара еиларгоит. Аԥсшәеибыҳәараан анапеимыхреи агәыдеибакылареи иацәхьаҵуагьы зынӡа ирацәам. 

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амедицинатә усбарҭа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аусура иалагеит. Аҳәаа иахысуа ауааԥсыра зегьы ашоура рымазар гәарҭоит.

Аԥшьаша, хәажәкыра 26 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы иаартуп "аихшаратә пункт". Уаҟа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылалоит, нас доусы иахьрықәнагоу ахәышәтәырҭақәа рахь ирышьҭлоит.

Абри аамҭазы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирус аӡәгьы идбалаӡам. Агәабзиарахьчара аминистрра ауаажәлар ргәы рҽанырҵоит ҭынч аҩны иҟазарц, ашәара рхы арымҭарц. 

  • Аԥсны акоронавирус аҿагылара шцо атәы шәаԥхьар шәылшоит абра>> 
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аџьармыкьақәа зегьы русура аанкылоуп хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
1/14
Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы русура аанкылоуп хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атауарқәа рыхә ашьҭыхра ҟалаӡом ҳәа зҳәо ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
2/14
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атауарқәа рыхә ашьҭыхра ҟалаӡом ҳәа зҳәо ақәҵара инапы аҵаиҩит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны афатә аалыҵқәа разымхара ыҟаӡам. Урыстәылантәи зегьы шааргац иааргоит.
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
3/14
Аԥсны афатә аалыҵқәа разымхара ыҟаӡам. Урыстәылантәи зегьы шааргац иааргоит.
© SputnikАԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы ахдырраа аарԥшны амедицинатә сабрадақәа рҿадыршәуеит.
Люди в масках на рынке  - Sputnik Аҧсны
4/14
Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы ахдырраа аарԥшны амедицинатә сабрадақәа рҿадыршәуеит.
© SputnikАхәаша, хәажәкыра 27 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа рыларҳәеит. Абас еиԥш аӡбара рыдыркылеит Апарламент адепутатцәа, ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иаԥшьгара иазыразны.
Кабмин совещание по коронавирусу  - Sputnik Аҧсны
5/14
Ахәаша, хәажәкыра 27 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа рыларҳәеит. Абас еиԥш аӡбара рыдыркылеит Апарламент адепутатцәа, ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иаԥшьгара иазыразны.
© SputnikАԥсны абанкқәа рахь неишьа умаӡам амедицинатә сабрадеи анапхазқәеи ухамзар. Абанк аусзуҩцәа аҭааҩцәа адезинфекциатә маҭәашьарқәа рырҭоит, ахыхьчара шаҭаху рзеиҭарҳәоит.
Сотрудники Сбербанка в масках  - Sputnik Аҧсны
6/14
Аԥсны абанкқәа рахь неишьа умаӡам амедицинатә сабрадеи анапхазқәеи ухамзар. Абанк аусзуҩцәа аҭааҩцәа адезинфекциатә маҭәашьарқәа рырҭоит, ахыхьчара шаҭаху рзеиҭарҳәоит.
© SputnikАмедицинатә сабрадақәа уажәы аламала иузыԥшаауам, аха иҟоуп иҿаҵаны иахьуӡахша аҭыԥқәа.
Сотрудники Сбербанка в масках  - Sputnik Аҧсны
7/14
Амедицинатә сабрадақәа уажәы аламала иузыԥшаауам, аха иҟоуп иҿаҵаны иахьуӡахша аҭыԥқәа.
© SputnikАԥсны аҳақьымцәа ауаа ирабжьыргоит метрак иеиҵымкәа еизааигәамхарц, аха ари аԥҟара иқәныҟәо даара имаҷуп.
Очередь у банкомата в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
8/14
Аԥсны аҳақьымцәа ауаа ирабжьыргоит метрак иеиҵымкәа еизааигәамхарц, аха ари аԥҟара иқәныҟәо даара имаҷуп.
© Foto / МЧС РААԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ала аҳәаа иахысуа ауааԥсыра зегьы ашоура рымазар гәарҭоит.
Ситуация на КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
9/14
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ала аҳәаа иахысуа ауааԥсыра зегьы ашоура рымазар гәарҭоит.
© Foto / МЧС РААԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы амшьамбақәа ргылоуп, уаҟа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылоит, игәарҭоит, анаҩс рҽахьырхәышәтәыша рарҳәоит.
Мобильный госпиталь МЧС у Республиканской больницы  - Sputnik Аҧсны
10/14
Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы амшьамбақәа ргылоуп, уаҟа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылоит, игәарҭоит, анаҩс рҽахьырхәышәтәыша рарҳәоит.
© SputnikАԥҭекақәа рҿы ауаа рацәа еидизалоит, аха ахәшәқәа разымхара ыҟаӡам. Инҵәаз амедицинатә ҿаршәқәеи адезинфекциатә маҭәашьарқәеи роуп.
Очередь в аптеке  - Sputnik Аҧсны
11/14
Аԥҭекақәа рҿы ауаа рацәа еидизалоит, аха ахәшәқәа разымхара ыҟаӡам. Инҵәаз амедицинатә ҿаршәқәеи адезинфекциатә маҭәашьарқәеи роуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҿаршәқәа разымхара излауала иацхраарц иаҿуп аҭыԥантәи аӡахцәа.
Изготовление масок  - Sputnik Аҧсны
12/14
Аҿаршәқәа разымхара излауала иацхраарц иаҿуп аҭыԥантәи аӡахцәа.
© SputnikАҳақьымцәа аҩны шәыҟаз ҳәа абжьгарақәа шыҟарҵогьы, аԥсыӡкцәа абжьааԥнеиԥш рҭыԥ аҿы итәоуп, аԥсыӡ ркуеит.
Погода  - Sputnik Аҧсны
13/14
Аҳақьымцәа аҩны шәыҟаз ҳәа абжьгарақәа шыҟарҵогьы, аԥсыӡкцәа абжьааԥнеиԥш рҭыԥ аҿы итәоуп, аԥсыӡ ркуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ауааԥсыра акоронавирус ашәарҭара рацәак ирныруам, иҟалап аԥсабара аԥшӡареи убла хызкуа амраҭашәарақәеи рзы акәзар.
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны
14/14
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус ашәарҭара рацәак ирныруам, иҟалап аԥсабара аԥшӡареи убла хызкуа амраҭашәарақәеи рзы акәзар.
Ажәабжьқәа зегьы
0