Москва блахкыгоуп: Аиааира Ду апарад рыҽшазыҟарҵаз

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәа уаҵәы иҟалоит! Рашәарамза 24, 1945 шықәсазы имҩаԥган раԥхьатәи Аиааира Ду апарад. Апандемиа иахҟьаны сынтәагьы ҩаԥхьа ари арыцхә азы апарад мҩаԥгахоит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәа амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит акоронавирустә пандемиа. Аиааира апарад арыцхә ахыган.

COVID-19 иахҟьаны акарантин, еиуеиԥшым аԥкрақәа шьҭахьҟа иааныжьны иаԥылоит аныҳәа ду - Аиааира 75 шықәса ахыҵра.

Акыр ҵуеит аныҳәа ҳазыԥшуижьҭеи.

Урыстәыла аҳҭнықалақь аиҳабыра аҽазыҟаҵарақәа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥыргеит: Москва еиуеиԥшым аҩычагақәеи абираҟқәеи рыла идырԥшӡеит.

Бжьышә цыра инареиҳаны абираҟқәа кнарҳаит Арбатҿыцтәи (Новоарбатский) Ацҳа, Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост), Москворецктәи Ацҳа Ду (Большой Москворецкий Мост) рҿы.

Ақалақь зегьы аҩычагақәа "Аиааира Аорден" и "Аиааира Асалиут" рыла ақалақь зегьы ҩычоуп, Атриумфалтә хыргьагьаҟны идыргылеит "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" ҳәа зну аеҵәа.

Москва блахкыгоуп!

Аиааира Ду апарад инадҳәаланы Москва шдырԥшӡаз шәахәаԥшырц шәылшоит ҳфотосахьақәа рҟны.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык инареиҳаны изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква ақалақь аҿы Амаршал Георги Жуков ибаҟа аҿаԥхьа Аҭоурых амузеи аҩналарҭа дырԥшӡеит
Москва ақалақь аҿы Амаршал Георги Жуков ибаҟа аҿаԥхьа Аҭоурых амузеи аҩналарҭа дырԥшӡеит
 - Sputnik Аҧсны
1/10
Москва ақалақь аҿы Амаршал Георги Жуков ибаҟа аҿаԥхьа Аҭоурых амузеи аҩналарҭа дырԥшӡеит
© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост) аҿы аҭыԥҳацәа ахаланыҟәақәа ирықәтәоуп
Москва Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост) аҿы аҭыԥҳацәа ахаланыҟәақәа ирықәтәоуп - Sputnik Аҧсны
2/10
Москва Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост) аҿы аҭыԥҳацәа ахаланыҟәақәа ирықәтәоуп
© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Пушкин иашҭаҿы игылоу Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа абираҟқәеи алоготип "Победа-75"-и
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа абираҟқәеи алоготип Победа-75-и - Sputnik Аҧсны
3/10
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа абираҟқәеи алоготип "Победа-75"-и
© Sputnik / Ramil Sitdikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКутузов ипроспект аҟны игылоу Атриумфалтә хыргьагьа аҿаԥхьа ишьақәдыргылеит "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" ҳәа зну аеҵәа.
Кутузов ипроспект аҟны игылоу Атриумфалтә хыргьагьа аҿаԥхьа ишьақәдыргылеит Москва - Ақалақь-Фырхаҵа ҳәа зну аеҵәа. - Sputnik Аҧсны
4/10
Кутузов ипроспект аҟны игылоу Атриумфалтә хыргьагьа аҿаԥхьа ишьақәдыргылеит "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" ҳәа зну аеҵәа.
© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМоскватәи аметрополитен астанциа "Тверскаиа" авестибиуль аҿаԥхьа абираҟқәа
Москватәи аметрополитен астанциа Тверскаиа авестибиуль аҿаԥхьа абираҟқәа - Sputnik Аҧсны
5/10
Москватәи аметрополитен астанциа "Тверскаиа" авестибиуль аҿаԥхьа абираҟқәа
© Sputnik / Evgeny Odinokov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Атәылахьчара аминистрра ахыбра аҿаԥхьа Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбра аҿаԥхьа Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага - Sputnik Аҧсны
6/10
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбра аҿаԥхьа Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
© Sputnik / Ramil Sitdikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАобелиск "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" Москва иҟоу Дорогомиловтәи аҳәаахьчаратә ҭыԥ (Дорогомиловская застава) ашҭаҟны
Аобелиск Москва - Ақалақь-Фырхаҵа Москва иҟоу Дорогомиловтәи аҳәаахьчаратә ҭыԥ (Дорогомиловская застава) ашҭаҟны - Sputnik Аҧсны
7/10
Аобелиск "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" Москва иҟоу Дорогомиловтәи аҳәаахьчаратә ҭыԥ (Дорогомиловская застава) ашҭаҟны
© Sputnik / Ramil Sitdikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Кутузов ипроспект аҿы игылоу аҩны аҭӡаҿы абираҟқәа
Москва Кутузов ипроспект аҿы игылоу аҩны аҭӡаҿы абираҟқәа - Sputnik Аҧсны
8/10
Москва Кутузов ипроспект аҿы игылоу аҩны аҭӡаҿы абираҟқәа
© Sputnik / Evgeny Odinokov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага - Sputnik Аҧсны
9/10
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква Пушкин иашҭаҿы игылоу алоготип "Победа-75" зну абираҟқәа
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу алоготип Победа-75 зну абираҟқәа - Sputnik Аҧсны
10/10
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу алоготип "Победа-75" зну абираҟқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0