Аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿеихгара: Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Анапаҵаҩра
Сынтәа иҟаз аԥкрақәа ирыхҟьаны Аԥснытәи ашколхәыҷқәа апроблемақәа жәпакы рызцәырҵит. Рхала аԥышәарақәа рҽахьырзыҟарҵоз адагьы, акыр ргәы иҵхон аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьи аушьҭымҭацәа рыхәылԥази ҟало-иҟамло азҵаара.

Иахьа Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит. Аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 1791-ҩык рҟынӡа инаӡоит.Жәеизаҩык медалла иалгеит. Арҵаҩцәа роушьҭымҭацәа ирзеиӷьаршьеит аԥеиԥш лашеи ақәҿиара дуқәеи. Аушьҭымҭацәагьы аганаҿ иаанмхеит, арҵаҩцәа акыршықәсазтәи рааԥсаразы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ишаԥу еиԥш, аушьҭымҭацәа ркьаҿ шкәакәақәа рҟны адныҳәаларқәеи азеиӷьшьарақәеи анырҵон. Аҵыхәтәан ажәҩан ахь аԥышҭарчқәа халарҵеит, раԥхьааҟа ирзыԥшу агәырӷьаратә хҭысқәа ирсимволны.

Акоронавирустә пандемиа иахҟьаны Аԥсны аиҳабыра ирыӡбеит хәажәкырамзазы ашколхәыҷқәа зегьы аҵараҟынтә роушьҭра, изаамҭанытәымыз аԥсшьара рыҭаны. Сынтәа аҵарашықәс хыркәшан лаҵарамза 13 рзы. Рашәара 2 рзы аушьҭымҭацәа ҩы-мчыбжьа ҳәа ашкол ахь ихынҳәит, аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵарц. Иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны аҵараамҭа иахьагхаз азы, хә-ԥышәарак рхаҭыԥан сынтәа аушьҭымҭацәа иарҭон ҩба: ахатәы бызшәеи алгебреи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
1/9
Аԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит атәыла ашколқәа 153 роушьҭымҭацәа рзы.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
2/9
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит атәыла ашколқәа 153 роушьҭымҭацәа рзы.
© Sputnik / Томас ТхайцукСынтәа ашкол иалгаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 1791-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
3/9
Сынтәа ашкол иалгаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 1791-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЖәаҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медалқәа роуит, аӡәы - араӡны.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
4/9
Жәаҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медалқәа роуит, аӡәы - араӡны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
5/9
Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷқәа ркьаҿ шкәакәақәа рҿы азеиӷьшьарақәеи адныҳәаларақәеи рыҩуан.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
6/9
Ахәыҷқәа ркьаҿ шкәакәақәа рҿы азеиӷьшьарақәеи адныҳәаларақәеи рыҩуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭымҭацәа рырҵаҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ирыдырҵаз ааԥсаразы.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
7/9
Аушьҭымҭацәа рырҵаҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ирыдырҵаз ааԥсаразы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрҵаҩцәагьы ахәыҷқәа ирзеиӷьаршьеит мҩамш иқәларц, раԥхьаҟа иҵегь аҵара дуқәа рҵарц.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
8/9
Арҵаҩцәагьы ахәыҷқәа ирзеиӷьаршьеит мҩамш иқәларц, раԥхьаҟа иҵегь аҵара дуқәа рҵарц.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьҭарнахыс ашкол аушьҭымҭацәа аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа еихыргоит.
Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
9/9
Шьҭарнахыс ашкол аушьҭымҭацәа аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа еихыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0