Агәалашәареи афырхаҵареи рныҳәа: Аиааира амш Аԥсны

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.

1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿын.

Традициала, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш азы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Атәыла аиҳабыра, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз.

Иара убас имҩаԥган Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала". Акциа ҩымш имҩаԥысуан, цәыббра 29 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿ иалагеит, цәыббра 30 рзы Егры инаӡеит.

Аныҳәа хыркәшан Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи арҿиаратә коллективқәеи рконцерт ала.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц Ахьӡ-аԥша абаҳчахь иааит аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа, Аҟәа ауааԥсыра. Ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аминистррақәеи аҳәынҭқарратә еилакқәеи рнапхгаҩцәа.
Церемония возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
1/9
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц Ахьӡ-аԥша абаҳчахь иааит аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа, Аҟәа ауааԥсыра. Ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аминистррақәеи аҳәынҭқарратә еилакқәеи рнапхгаҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
Президент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
2/9
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАахыҵ Уаԥстәылеи, Xечентәылеи, Ҟабарда-Баокариеи, Адыгатәылеи, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи уҳәа рҟынтә 1992 шықәсазы хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчаразы игылаз аибашьцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Церемония возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
3/9
Аахыҵ Уаԥстәылеи, Xечентәылеи, Ҟабарда-Баокариеи, Адыгатәылеи, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи уҳәа рҟынтә 1992 шықәсазы хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчаразы игылаз аибашьцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукСынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿзаргьы ақалақь аҟны аныҳәатә гәалаҟазаара рыман аҿар.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
4/9
Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿзаргьы ақалақь аҟны аныҳәатә гәалаҟазаара рыман аҿар.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥган арҿиаратә коллективқәеи аестрада шәаҳәаҩцәеи злахәыз аныҳәатә концерт.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
5/9
Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥган арҿиаратә коллективқәеи аестрада шәаҳәаҩцәеи злахәыз аныҳәатә концерт.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконцерт аҟны инарыгӡон аибашьра иалиааз ашәақәа.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
6/9
Аконцерт аҟны инарыгӡон аибашьра иалиааз ашәақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы ансамбль акәашацәа аҳәынҭқарра абираҟ кны икәашон.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
7/9
Ахәыҷтәы ансамбль акәашацәа аҳәынҭқарра абираҟ кны икәашон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа иалахәын Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
8/9
Аныҳәа иалахәын Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1993 шықәса, цәыббра 30 – реиҳа ихадараӡоу арыцхәқәа иреиуоуп.
Празднования Дня Победы на улицах Сухума - Sputnik Аҧсны
9/9
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1993 шықәса, цәыббра 30 – реиҳа ихадараӡоу арыцхәқәа иреиуоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0