Акоронавирустә инфекциа алаҵәара ацәшәаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа шалагалоугьы Аԥсны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵеит. Акаҳуажәырҭақәеи адәқьанқәеи арԥшӡагақәа рыла иҩычоуп. Ахақәиҭра аштаҿы иргылоуп аԥсаӡ, иаартуп апавильонқәа, зыҟны акаҳуа, ачаи, ахаа-мыхаақәа раахәара ахьалшо.
Аҟәа ақалақь ахадара Ахақәиҭра ашҭаҟны идыргылеит аекран ду, аҭааҩцәа идырбалахоит аныҳәа иадҳәало амультфильмқәеи афильмқәеи. Иара убас иаартуп аҵааҵәҟьа иалху аҵаақәышьқьырырҭа, аҭбаареи ауреи 20-20 метра иҟоуп.
Акоронавирустә инфекциа алаҵәара ацәшәаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа шалагалоугьы Аԥсны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵеит.
Ахақәиҭра аштаҿы иргылоуп аԥсаӡ, иаартуп апавильонқәа, зыҟны акаҳуа, ачаи, ахаа-мыхаақәа раахәара ахьалшо.
Витрины магазинов тоже готовы раздавать новогодние подарки – скидки.
Аҟәа ақалақь ахадара Ахақәиҭра ашҭаҟны идыргылеит аекран ду, аҭааҩцәа идырбалахоит аныҳәа иадҳәало амультфильмқәеи афильмқәеи.
Аԥсаӡ иадгыланы, гәаларшәагас, афотосахьақәа ҭырхуеит хәыҷи-дуи.
Аԥсшьарҭа аамҭа бзиа- ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа.
Аниматорцәа ахәыҷқәа дырлахҿыхуеит
Акаҳуажәырҭақәеи адәқьанқәеи арԥшӡагақәа рыла иҩычоуп.
Афотосахьақәа рҭыхра маншәалоуп асыц азааигәара. Аӡәырҩы уи ԥыршәахьеит.
Аныҳәатә гәалаҟазаара уныԥшоит ақаҳуажәырҭа "Мухус" аҟны
Ахақәиҭра ашҭа акыр иԥшӡоуп.
адәқьанқәа арԥшӡагақәа рыла иҩычоуп.
Ашықәс ҿыц иазыԥшуп хәыҷи-дуи
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа. Ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, амгьал игәыларҵоит ашә, иара ус баша иуфаргьы ҟалоит.
Ахьара змоу анхацәа аџьабаа адырбалоит ахш-хырҵәы аҭыԥ ақәҵара. Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш рыдыркылаӡом, нас ианрымшьароу, арахә рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа ирымҵаныҳәоит. Уи ашьҭахь ахш ацар арҭар, идыршыр ҟалоит, амцахь инаргоит, аџьыка адыркуеит.
Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
Аԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп.
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом.
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
Абас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит.
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа.
Ачашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп.
Аџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит.
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.
Аҟәеи егьырҭ амшын иаԥну Аԥсны ақалақьқәеи рҟны асду шамахамзар илеиӡом, хәыҷык леиргьы рацәак анҵыра амаӡам. Қьырса Иӡаахра аныҳәазы илеиз ирлас иӡыҭит. Sputnik ахьӡеит иузнымкыло аԥшӡара аиқәырхара.
Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха.
Асубтропикатә шәаԥыџьаԥ асы ақәны иахьубо аҭыԥқәа маҷуп адунеи аҿы.
Ауааԥсыра асеигәыдҵа ихәмаруеит.
Алақәагьы асы еигәырӷьоит
Аԥсны асы шамаха илеиӡом.
Амандаринақәа асы рықәыҳәҳәа абара-иссируп.
Ари арԥыс акгьы дацәшәом, асырҳәы инапаҿы иҟоуп.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аботаникатә баҳчаҟны есышықәса аԥхарра бзиа избо аҵиаақәа иҷыдоу аш ала ишҭарыҳәҳәо.
Хәыҷи-дуи рзы гәырӷьароуп асоура
Ашәҭқәа лымкаала асы рнаалоит
Амшын аҟәараҿы асы абара -иџьашьахәуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аусура зылшо Аԥсны атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтши аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа.
Ахныҟәгаратә минимум прахь иаҵанакуеит 5060,7 мааҭ рыхә афатә-ажәтә, акрыфара иадҳәалам атауарқәа 1450,1 мааҭ рыхә, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәарақәеи – 887,8 мааҭ рыхә.
Иазгәаҭоуп ииасыз ашықәс азы ишьақәыргылаз ахныҟәгаратә минимум иаҿырԥшны, сынтәатәи 4,6 процент рыла ишеиҳахаз.
Аҳәынҭстатистика иара убас ицәырнагеит хаз игоу афатә-ажәтә хкқәа 2019-2020 шықәсқәа рзы иҟаз рыхәԥса ахьарбоу атаблица.