Шықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Амшын иахьаԥну, абжьааԥнеиԥш, уи шьҭамгылаӡеит. Ашьхара иахьаԥну џьара-џьара ақыҭақәа рҿы шьамхаҟынӡа иахьышьҭалаз ыҟоуп.
Асы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра, еиҳарак ахәыҷқәа, уи даара иеигәырӷьеит. Илеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубап.
Иагьа ус иҟазаргьы, сынтәатәи аӡын еиҳарак иԥхарран, уи аҟнытә заа ишәҭит амимоза, амагнолиа, иара убас абҳәаса. Уажәшьҭа ааԥын шааигәахаз умҩашьо иунардыруеит. Ари аҩыза аӡын рхыргарц Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа асасцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит.
Шықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Афото аҿы - Аҟәатәи ашьха.
Асы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи даара иеигәырӷьеит. Ауаа рыдагьы, иара аҩнатә ԥстәқәагьы оумашәа ирбеит. Афото аҿы ала асы агьамагьы гәанаҭар цәгьа иабом.
Илеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубарын.
Ари афото иарҵабыргуеит аԥсуа аӡын анашанара шаҵоу.
Аха иауз асы агаҿа рацәак ишьҭамхеит, мышқәак рышьҭахь аԥхарра еиҭахынҳәит.
Иагьа умҳәан, амра хаа аныԥхо згәамԥхо ҳәа аӡәгьы дыҟамзар ҟалап.
Аӡынра Аԥсны ишәҭит Суланж имагнолиа. Уи ҳпаркқәа жәпакы зырԥшӡо ҵиаауп. Абжьааԥны иара хәажәкыра-мшаԥы ирыбжьаркуа аамҭазоуп ианышәҭуа.
Уи адагьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан еиԥш, сынтәагьы заа ишәҭит амимоза.
Уи, хымԥада, ааԥын шааигәахаз зыршаҳаҭуа хҭысуп.
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа зегьы бзиа еицырбо ԥсшьарҭа, неиааирҭа ҭыԥуп.
Аԥшәмацәа ҳадагьы, Аԥсны асасцәа амра, аԥхарра, амшын, агәҭынчра зҭаху уи иашьҭаланы иаауеит арахь.
Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.
2016 шықәсазы Гал араион аламырхәӡакәа лхрақәа мҩаԥысит, избанзар 2014 шықәсазы Гал иқәныхоз реиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩра рымхын. Иахьазы уа абжьыҭара азин рымоуп 900-ҩык иреиҵаны алхыҩцәа. Аха уеизгьы ара аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа рыӡбеит. Убри аан алхыҩцәа ахьмаҷу азы адепутатцәа рхыԥхьаӡарагьы 11-ҩык рҟынӡа иагдырхеит, Аконституциа ишаҳәо ала. Иаԥҵан аҭыԥ хадақәа фба ақыҭақәа рҿы, ақалақь аҿы - хәба.
Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. 2020 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥантәи адепутатцәа ирыӡбеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи адепутатцәа рхыԥхьаӡара еиҿурԥшуазар, ишеишьашәалам, убри аҟнытә алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа иагдырхеит. Иара убас адепутатцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишозар ауп ҳәагьы ӡбан.
Аԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
Зынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
Алхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
Ари ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
Аҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
Ауаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
Алхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Ацәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара" ҳәа уи автор хьӡыс иеиҭеит, избанзар аамҭақәа рыбжьароуп џьарак ак аҵыхәтәа ахьыҟоу, анаҩс иҿыцу ак анцәырҵуа. Адгәыр Амԥар ихаҭа ишиҳәо ала, араҟа аԥыжәара ргоит абасеиԥш иҟоу ахырхарҭақәа: сиурреализм, асимволизм. Аиашазы, асимволизм еснагь асиурреализм иахәҭоуп, аха ара хазы ицәырызгоит, иҳәоит иара.
Асахьаҭыхыҩ уаанӡа аныхачаԥақәа ҭихуан, уи, иара ишиҳәо ала, асиурреализм иатәу аҭыхымҭақәа раԥҵараан ицхраауеит.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа аҵыхәтәантәи шықәсык, шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иҭыху роуп. Уахь инагоуп 25 усумҭа.
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Уахынлатәи аԥхыӡқәа"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
Зыблақәа арку аԥҳәызба лнапқәа
"Аҿымҭра"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Аҳәааҿы"
"Аҳәааҿы"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Асҭа"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Амедальон гәаларшәагас"
"Ԥшьҩык злахәу акомпозициа"
"Агьежь алахәмарра"
"Агәил зну акомпозициа"
"Аҭагәаҭасрақәа ириааины аблахтырахь инеиз"
Адгәыр Амԥар
Сталини Бериеи жәашықәсала имҩаԥыргоз аполитика хәашь ахьаа ду рзаанагеит ажәларқәа жәпакы. Аха амилаҭ маҷқәа уи акалашәа ирнырит. Ҭаацәарак аҟнытә хҩы-ԥшьы иара зегьы дәылгангьы, ҿааҳәыра рмоукәа иандырӡоз ыҟан.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Иахьа ишәзеиҭасҳәо ажәабжь аахыс 80 шықәса инеиҳаны ишҵхьоугьы, рӷьашьа змам хәраны рыгәқәа ирнуп урҭ аамҭақәа ирхәаҽыз, Аҷандара ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Осман Гәынбеи хҩык иԥацәеи ирхылҵшьҭроу. Ари аҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылеит амаҭа Хана Гәынԥҳа.
Осман Уадамыр-иԥа Гәынбеи инасыԥхаз Мадина Арындԥҳаи быжьҩык ахшара рааӡеит, ԥшьҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Ахәыҷқәа ианрызҳа еиҟарауааны аб иааивагылеит. Иҷкәынцәеи иареи Аҷандара ақыҭа ианалсуаз, рҽышьҭыбжь заҳауаз "Осман иԥацәеи иареи аауеит" рҳәон. Зыжәҩахыр еибыҭаз аҭаацәа насыԥ рыман. Рынхара рынҵыра уаҩ деилаҳаратәы иҟан.
30-тәи ашықәс хьанҭақәа ранҵәамҭазы ари агәараҭа "аԥҭа еиқәаҵәа" ахаԥеит. Османи иҷкәынцәа Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони ырбаандаҩны наӡаӡа рхәышҭаарамца иахыганы иргоит.
"Осман, сара сабду иаб иакәын. Сабду Амтон ихьӡын. Арепрессиатә шықәсқәа раан аби аԥацәеи зыхдырҟьаз Осман ианшьа иԥа Камыгә Ахьиба иоуп. Иара аҵара иман, арра маҵура ныҟәигон. Камыгә ахара идҵаны ишьҭашәарацо ианалага, абна дылалеит, дыбрагьхеит. Уахынла иаҳәшьаԥа Осман Гәынба иҟны дыԥхьоит ҳәа заҳаз ацәгьаҳәаҩцәа НКВД ахь адырра ҟарҵеит. Уи нахыс Гәынаа ргәараҭа илашьцеит", - ажәабжь еиҭалҳәоит Хана Гәынԥҳа.
Раԥхьа аҭакра зқәырҵаз Осман ихшара Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони роуп. Дара уи аамҭазы иҭаацәаран. Қшьышь хҩык аҷкәынцәеи аԥҳаи драбын, Џьаҭма ӡӷаб хәыҷык диман, Амтон иԥшәмаԥҳәыс лцәалтәымкәа дыҟан.
"Сабду аԥа даниоу, хымз рышьҭахь азин ирҭеит ахәыҷы ибаразы. Адуцәа изларҳәо ала, Амтон агара днахагылан "уаҳа усымбрагьы уара убзиахааит" иҳәеит", - лажәа иацылҵоит амаҭа.
Осман Гәынбеи Мадина Арындԥҳаи рыҷкәынцәа хынҳәуеит ҳәа агәыӷра рыман, абыргцәа рхахьы ирзаагомызт урҭ наӡаӡа ари агәараҭа нрыжьит ҳәа.
НКВД анапхгара Гәынаа рҭаацәара аҟнытә ахара здырҵаз рзымхакәа, аб Осман ирбаандаҩразы иаауоит. Абырг аигәышә иманы абаҳча дышҭаз, "ҳуацәажәароуп" ҳәа дрыманы ицоит имаҭәа аиҭакра имҭақәа. Ус ажәцәеимаа шишьаз, ибӷа ауапа нақәиршәит ауп. Сааиуеит ҳәа иикыз аигәышә ахьаирсаз ус инхеит…
Аамҭак ашьҭахь, аҭаацәа адырра роуит Осман иԥацәеи иареи Баҭым иҭакуп ҳәа. Машәыршәа арепрессиақәа ирцәынхаз аҷкәынцәа иреиҵбаз Ҭагәаџь усҟан 16 шықәса ракәын иихыҵуаз. Арԥыс Аҟәа атеатралтә ҵараиураҭа дҭан. Аҩнаҭа хаҵаҵас иахагылаз уажәшьҭа иара иакәхеит. Лассы-лассы абахҭа иҭакыз иаби иашьцәеи рхәы иманы Қарҭҟа дцон, аха изырбодаз.
Ҭагәаџь иани иаҳәшьцәеи рнаҩс иашьцәа рыхшара рзгьы аҭакԥхықәра идын.
"Ишысҳәахьаз еиԥш саб хымз ракәын ихыҵуаз сабду аҵыхәтәаны аҩнынтә данырга. Ҭагәаџь иашьцәа рхәыҷқәа убриаҟара инапы рыдкыланы ргәы иамыргакәа иааӡеит, ихатәы хшара аныҟалагьы еилых ҟаиҵомызт. Анаҩс урҭ ирхылҵыз, саргьы сналаҵаны ҳабду ҳәа иаҳдыруаз иара иакәын. Знызаҵәыкгьы иаҳнырратә иҟамлеит имаҭацәа гәакьацәа еиҳа бзиа ибоит ҳәа", - азгәалҭоит Хана Гәынԥҳа.
Ҭагәаџь Гәынба иԥсҭазаара далҵаанӡа ныҳәацԥхьаӡа игәараҭаҟны еизоз ихшареи, имаҭацәеи, иашьцәа рхылҵшьҭреи аишәа ду иадыртәаланы рҭаацәаратә ҭоурых анырзеиҭаимҳәоз ыҟамызт. Иахьа абиԥара ҿыц ирымоу агәыбылреи аҭаацәаратә ҭоурых аиҷаҳареи иара иоуп ирылазааӡаз.
"Ҳабду Ҭагәаџь абриаҟара агәаҟрақәа шихигазгьы аԥсҭазаара бзиа ибон, длафҳәаҩын, аха аҟазшьа џьбарагьы иман. Хаҭала сара сзы аиацәажәара насыԥын. Аҷандараҟа санцалоз, зны-зынла данысымбалак, дахьысԥшааша аҭыԥ здыруан. Абаҳча инацәыхарамкәа иҟаз ажәытә ҳаҭгәынқәа рзааигәара аҟәардә дықәтәаны амҩахь дыԥшуан. Снеины саниватәалак "санқәыԥшыз, сашьцәа аауазар збоит ҳәа абра стәалон, ус уи ашьцылара сзынхеит" иҳәон. Ахаан сгәы иҭыҵуам ҿымҭӡакәа ахәшҭаара данҿҳәатәаз "еҳ" ҳәа ихылҵуаз агәынқьбжьы. Уи убриаҟара игәыҭшьааган, иҩнуҵҟатәи ахьаақәа зегьы дыргамуан "зегь бзиоуп" ҳәа шиҳәозгьы", - аҭоурых еиҭалҳәоит Хана Гәынԥҳа.
Османи, Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони ҭахеит ҳәа аӡәгьы ихахьы иааигомызт азы рыхьӡала ацәашьы былӡамызт. Убри аҟнытә Ҭагәаџь имаҭацәа ианрызҳа, есқьынагьы иажәа иалеиҵон мышкызны идунеи аниԥсахлак иаби иашьцәеи рыхьӡалагьы аԥсаҭатә ҟарҵарц, ирзеиԥшны еинырхарц. Ус иагьыҟарҵеит.
Еиҵагылаз Гәынаа рабиԥара ҿа ирымоу адыррала, Осман иԥацәеи иареи еибадмырбаӡеит. Аб ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Аишьцәа Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аналага афронт ахь иршьҭызар ауеит аҩныҟа рымаашьа ала.
"Аамҭак ашьҭахь, аҭакра зқәыз, аха еибганы ихынҳәыз Ҭагәаџь иабхәандахаз Бас Ҭраԥшь ила Осман изы ажәақәак еилкаахеит. Абырг акамера дахьҭакыз иуапа шкәакәа каршәны "Ажәеиԥшьаа рашәа" наигӡон. Уи ала агәхьаагара иҟажон. Бас аҩныҟа данаауаз, ҟәырҷахак еиԥш Амтон ихылԥа ааигазаап. Иахьынӡаҳдыруа урҭ Баҭым еиқәшәеит", - аҭоурых иацылҵоит амаҭа.
Ҭагәаџь Гәынба иԥсы ахьынӡаҭаз иаби иашьцәеи ирхыргаз атәы лассы-лассы еиҭеиҳәозтгьы, 81 шықәса ирҭагылоу Хана лаб Владимир Гәынба, ихәыҷра зырхәашьыз аҭоурых алацәажәара бзиа ибаӡом, аха иҵаулаӡаны игәы иҭаҵәахуп. Анцәа иџьшьаны аиҳабацәа рҿахәы зҳәо аҿар ыҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых