Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш–ари ааԥынреи, анасыԥи, аҭынчреи ирныҳәоуп. Ари аныҳәа аԥҵан Клара Цеткин лаԥшьгарала 1910 шықәсазы, Копенгаген.
Адунеи аҟны аҳәса аҳәынҭқарра аргылараҟны иҟарҵо рлагала, иааныркало аҭыԥ ҷыда азы аҭоурых иадыруеит.
Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, аԥсҭазаараҟны акрызҵазкуа аусхкқәа рҿы: агәабзиарахьчараҟны, аспорт аҟны, абизнес аҿы, акультуреи аҭҵаарадырреи рыҿиараҟны рылшамҭақәа азгәаҭоуп. Аԥсуа ԥҳәыс лџьабаа еснагь иӷәӷәоуп: ахәыҷқәа рааӡоит, аҭаацәа ныҟәыргоит, аҩнтәи аусқәа рнапы иҵырхуеит. Ианаҭахха аамҭазгьы агәаӷьра, ачҳара аадырԥшуеит. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы акәзар, ахацәа реиԥш, бџьаршьҭыхла рыԥсадгьыл ахьчара рылшеит.
Ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аԥсуа ҳәсақәа иреиӷьӡоу рцәаҳәақәа рзыркхьеит.
"Иамалкуеит амра,
Иамалкуеит амза,
Ашьха ӡыхь еиԥш уи аԥҳәызба дыцқьоуп.
Лцәажәашьа еинаала, Лыблақәа хаара...
Уаҳа дихашҭуама знык дызбахьоу", абас иҩуан апоет-романтик Таиф Аџьба.
Қьериман Халис Едже (Ебжьноуԥҳа) 1932 шықәса рзы, 28 тәыла рхаҭарнакцәа злахәыз аԥшӡара аконкурс аҟны, раԥхьатәи "Адунеи амисс" ҳәа ахьӡ ҳарак лыхҵахеит.
Сария Лакоба – Нестор Лакоба иԥҳәыс, 1937 шықәса рзы дырбаандаҩын. Абахҭаҿы акыр ддыргәаҟит, Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа лдырҳәарц, аха лара уи дақәшаҳаҭымхеит. Дыргәаҟны лыԥсҭазаара далхын.
Абалет "Лебединое озеро" аҟнытәи асцена, Одетта лроль налыгӡоит СССР Жәлар рартистка Маиа Плисецкаиа.
Апоетесса Анна Андреи-иԥҳа Ахматова (1889-1966). Аҭыхымҭа автор Маисеи Наппельбаум, 1922 шықәса.
Индира Ганди- Ниу-Дели лрезеденциаҿы. Абҵара 9, 1978 шықәса.
Мексикатәи асахьаҭыхҩы Фрида Кало. Лусумҭақәа еиҳарак автопортретқәа роуп, урҭ рыла деицырдыруеит.
Адиле Аббас-оӷлы - Нестор Лакоба иҭаацәараҟынтәи арепрессиақәа рышьҭахь зыԥсы ҭаны иаанхаз аҵыхәтәантәи иҭынха лакәын. Ажьырныҳәа 14, 2020 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьаз Адиле Аббас-оӷлы.
Афотоҟны Адиле Аббас-оӷлы илхыҵуан 16 шықәса.
СССР аԥырҩы-акосмонавт, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Валентина Владимир-иԥҳа Терешкова.
Ари асахьаҟны даарԥшуп хылҵшьҭрала Австриа иатәу актриса Хеди Ламарр. Ажьырныҳәа 19, 2000 шықәсазы 86 шықәса ирҭагылаз Ламарр Флорида лыҩнаҟны лыԥсыбаҩ ԥшаан. Деицырдыруа дҟалеит 1933 шықәсазы адрама "Екстези" анҭыҵ ашьҭахь.
Аджаз шәаҳәаҩы Нина Симона. ԥхынҷкәын 5, 1968 шықәса, Лондон.
Британиа ду аԥыза министрс иҟаз Маргарет Тетчер.
Елеонора Рузвельт ЕАА ахада Гарри Трумени лареи реиқәшәара ашьҭахь. Вашингтон, ажьырныҳәа 13, 1949 шықәса.
Еицырдыруа франциатәи амодельер Коко Шанель лпортрет. 1944 шықәса, Париж.
Зхы иақәиҭу акәашара ашьаҭа зкыз, америкатәи акәашаҩ Аиседора Дункан (1877-1927). 1922—1924 шықәсқәа рзы Сергеи Есенин иԥшәма ԥҳәыс лакәын.
1969 шықәсазы Израиль аԥыза-министр иҟалаз Голда Меир.
Чапаевтәи ахысратә дивизиа алахәыла, аснаипер Лиудмила Павличенко. Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду 1941-1945 ашықәсқәа.
Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.
2016 шықәсазы Гал араион аламырхәӡакәа лхрақәа мҩаԥысит, избанзар 2014 шықәсазы Гал иқәныхоз реиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩра рымхын. Иахьазы уа абжьыҭара азин рымоуп 900-ҩык иреиҵаны алхыҩцәа. Аха уеизгьы ара аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа рыӡбеит. Убри аан алхыҩцәа ахьмаҷу азы адепутатцәа рхыԥхьаӡарагьы 11-ҩык рҟынӡа иагдырхеит, Аконституциа ишаҳәо ала. Иаԥҵан аҭыԥ хадақәа фба ақыҭақәа рҿы, ақалақь аҿы - хәба.
Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. 2020 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥантәи адепутатцәа ирыӡбеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи адепутатцәа рхыԥхьаӡара еиҿурԥшуазар, ишеишьашәалам, убри аҟнытә алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа иагдырхеит. Иара убас адепутатцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишозар ауп ҳәагьы ӡбан.
Аԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
Зынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
Алхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
Ари ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
Аҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
Ауаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
Алхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Ацәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара" ҳәа уи автор хьӡыс иеиҭеит, избанзар аамҭақәа рыбжьароуп џьарак ак аҵыхәтәа ахьыҟоу, анаҩс иҿыцу ак анцәырҵуа. Адгәыр Амԥар ихаҭа ишиҳәо ала, араҟа аԥыжәара ргоит абасеиԥш иҟоу ахырхарҭақәа: сиурреализм, асимволизм. Аиашазы, асимволизм еснагь асиурреализм иахәҭоуп, аха ара хазы ицәырызгоит, иҳәоит иара.
Асахьаҭыхыҩ уаанӡа аныхачаԥақәа ҭихуан, уи, иара ишиҳәо ала, асиурреализм иатәу аҭыхымҭақәа раԥҵараан ицхраауеит.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа аҵыхәтәантәи шықәсык, шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иҭыху роуп. Уахь инагоуп 25 усумҭа.
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Уахынлатәи аԥхыӡқәа"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
Зыблақәа арку аԥҳәызба лнапқәа
"Аҿымҭра"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Аҳәааҿы"
"Аҳәааҿы"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Асҭа"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Амедальон гәаларшәагас"
"Ԥшьҩык злахәу акомпозициа"
"Агьежь алахәмарра"
"Агәил зну акомпозициа"
"Аҭагәаҭасрақәа ириааины аблахтырахь инеиз"
Адгәыр Амԥар
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит аконгресс асаит.
Ари аҩыза алшара ҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети абҵарамза, 2020 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Иазгәаҭоуп, аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху рзы ашәҟәқәа рыдкылара шхацыркыз хәажәкыра 1 инаркны. Абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало рышәҟәқәа аларҵароуп ԥхынгәы 20-нӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11-нӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.
Арзаҳал азы абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аттестат (ахкьыԥхьаа ма аоригинал), 3×4 см иҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа аилыркаа, ма урыстәылатәи атәылауаҩра. Ашәҟәқәа рынашьҭра ауеит ауниверситет асаит ахь.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова лажәақәа рыла, аԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҩ-форматк рыла: адистанциатә ма хаҭала.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит абҵарамзазы.
СПААУ иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа инарҭбаау аинформациазы иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис, абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала: info.spb@abaza.org, ма абри аҭел +7 812 514 88 55 ала.