Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥгаз Хәажәкын ныҳәа иалахәын ақалақь ауааԥсыра, аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҳҭнықалақь асасцәа. Традициала, аныҳәа азгәарҭеит атеатртә қәгыларақәеи, ахәмаррақәеи, ашәақәеи, акәашарақәеи рыла.
Аныҳәа амҩаԥгараан зегьы ачаџьқәа (блины-аред.) рҿарҵон, ахыркәшымҭаз аӡын амымыршәага блын.
Хәажәкын ныҳәа (Масленица) ижәытәу славиантә ныҳәоуп. Аԥсабара аира, аиҭаҿиара иасимволуп, амарҭаҭтә культурахь иаҵанакуеит, аха ақьырсианра Урыстәыла ианаднакыла ашьҭахьгьы ишыҟаз иаанхеит. Аха уажәы, Ачгара ду иаԥхьанеиуеит, иара арыцхәгьы иадҳәалоуп.
Ахәаԥшыҩцәа зегьы ргәалаҟазаара шьҭырхуан ахәыҷқәа рыкәашарақәа.
Анапҟазацәа рнапкымҭақәа ӡырыргеит.
Аныҳәа ихадоу афырхаҵа-ачаџь
Хәажәкын (Масленица) ижәытәу славиантә ныҳәоуп, аԥсабара аира, аиҭаҿиара иасимволуп.
Аныҳәа амҩаԥгараан зегьы ачаџьқәа рҿарҵоит.
Аныҳәа алахәылацәа хәыҷқәагьы ишрылшоз ала агәырӷьара рхы аладырхәит.
Аибаркырақәеи ахәмаррақәеи мҩаԥыргеит.
Хчыла аисара- даҽа хәмаррак.
Аныҳәа ахыркәшымҭаз аӡын амымыршәага блын.
2020 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥган Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа дыриааиуеит, конкурентс диман уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
Аслан Бжьаниа официалла инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инаркны, имҩаԥгаз аинугурациа ашьҭахь. Аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган ауаа рацәа адымгалакәа, усҟан Аԥсны иалагалаз акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирхьырԥшны.
Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи ахада иоуп.
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аслан Бжьаниа инапаҿы идыркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
Атәыла ахада иалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
Алхрақәа рышьҭахь Аслан Бжаниа раԥхьатәи ипресс-конференциа.
Афотожурналист Сергеи Лидов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ифотосахьа.
Аслан Бжьаниа дахьцалакгьы ицуп имоҭа лҳамҭа - аҵәца.
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин. Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа раан аҟны.
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Ахада ипресс-конференциахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.
Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра даҭааит.
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АШәМ рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич нанҳәа 20 рзы.
Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
Бжьаниа даҭааит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь цәыббра 15 рзы. Усҟан атәыла ахада иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо.
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.
Абҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи Аслан Бжьаниеи.
Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа.
Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхрааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.
XI Аԥсны афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Афестиваль рхы аладырхәит аԥснытәи жәеиза ансамбль, насгьы Аԥсныҟа иааит адыга ансамбль "Насыԥ" Лазаревское аҳабла аҟынтәи.
Ари акультуратә хҭыс ашҟа имҩахыҵит имаҷымкәа ажәытә ашәақәа ирызҿлымҳау, амилаҭтә фольклор згәы азыбылуа ауаажәлар. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аиҳабыратә беиԥара ахаҭарнакцәа реиԥш, аҿаргьы.
Раԥхьаӡа акәны афольклор-вокалтә фестиваль "Раида" мҩаԥысит 2010 шықәса рзы, усҟан уи иалахәыз х-ансабльк ракәын. Есышықәса афестиваль зхы алазырхәуа акультуратә хәышҭаарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит.
Аконцерт иахәаԥшырц инеиз ауаа, алшара рыман акырӡа зхыҵуа, Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭакәа зныԥшуа афольклортә ашәақәа рзыӡыҩрра, ақәгыларақәа напеинҟьарыла ирԥылон.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 21 рзы
Афестиваль рхы аладырхәит Аԥснытәи жәеиза ансамбль
Иара убас адыга ансамбль "Насыԥ" Лазаревское аҳабла аҟынтәи"Райда"
Афестиваль алахәылацәа инарыгӡеит еиуеиԥшым афольклортә ашәақәа
Урҭ рхы иадырхәон амилаҭтә музыкатә инструментқәагьы "Райда"
Артистцәа рықәгылара хадырҭәаауан иршәыз аԥсуа маҭәа
Раԥхьаӡа акәны афестиваль "Раида" мҩаԥган 2010 шықәсазы
Аконцерт иалахәын акыршықәса ахәаԥшцәа зыргәырӷьо артистцәа
Афестиваль аҭааҩцәа алшара рыман адаули аҟьаԥҟьаԥи рыбжьгьы азыӡыҩрра
Афестиваль "Раида" хықәкыс иамоуп ажәытә ашәақәа реиқәырхареи урҭ рӡыргареи
Есышықәса афестиваль зхы алазырхәуа акультуратә хәышҭаарақәа "Райда"
Раԥхьаӡа иара анымҩаԥысуаз иалахәыз х-ансабльк ракәын
Ахәаԥшцәа ақәгыларақәа акыр иреигәырӷьон
Авидео ма афото ҟазҵоз рхыԥхьаӡара рацәан
Аконцерт алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Адиле Аббас-оӷлы диит мшаԥымза 23 1921 шықәсазы. Лабду Иаҳиа Аббас-оӷлы милаҭла дџьамын. 20-тәи ашәышықәса аҽеиҩшымҭаз Аԥсныҟа даауеит, ибла хнакуеит ари атәыла, анаҩс иӡбоит наӡаӡа аангылара. Аҭаацәарагьы аԥиҵоит араҟа.
"Саб дџьамын, сан-даԥсыуан. Саб иҳәо саҳахьан: "Аԥсны зегьы реиҳа бзиа избоит". "Избан?" - сиазҵаауан сара. "Избан акәзар аԥсуа жәлар ахьы иаҩызоуп, мыцхәы ацәажәара бзиа ирбаӡом. Бымшәан, Аԥсны есымша иҟазаауеит, сара сдунеи сыԥсахыргьы, иара шышәҭло агәра згоит", - абас лаб иҳәоны илгәалалыршәон Адиле Аббас-оӷлы.
Лан лзы акәзар, абас лҳәон:
"Сара сан д-Аҩӡԥҳан, ажәла бзиа, ажәла ӷәӷәа датәын. Хәҩык аишьцәа лыман, рызегь аибашьраҟны иҭахеит", - ҳәа лгәалашәарақәа дырзааҭгылахьан аиҿцәажәарақәа руак аҟны Адилле Аббас-оӷлы.
Иаҳиа Аббас-оӷли иԥшәмаԥҳәыс Гиульфидани рҭаацәараҟны иит ԥшьҩык ахәыҷқәа, хҩык аишьцәа: Шаҳбас (Адиле лаб), Ризу, Касима, рыԥҳазаҵә Наргиз. Адиле 15 шықәса анылхыҵуаз Сариа Лакоба лашьа Емды Џьих-оӷли лареи еибадырит, анаҩс аҭаацәара аԥырҵеит.
Аха раԥхьаҟа ирзыԥшраны иҟаз ахлымӡаах атәы абардыруаз, агәырӷьара зцыз рҭаацәаратә ԥсҭазаара аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҿахҵәеит. Иалагеит сталинтәи арепрессиақәа. Нестор Лакоба иҭаацәа лаԥшықәҵаны ирыман, аӡәаӡәала рҭакра иалагеит. 1938 шықәсазы Адиле лыԥшәма дҭаркуеит ахара идҵаны, хара имгакәан ларгьы уи аҩыза аҭакра лԥеиԥшхоит. Уи ашықәсазы Адиле Аббас-оӷлы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьӡҵаны Аԥсны дахцан. 16 шықәса ахлымӡаах лхыганы Аԥсныҟа дхынҳәуеит 1953 шықәсазы. 1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит.
Акыр шықәса рышьҭахь илылшеит дызҭагылаз агәаҟра атәы зҳәо агәалашәарақәа рыҩра. Убас, 2005 шықәсазы иҭлыжьуеит ашәҟәы "Не могу забыть " зыхьӡу.
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Лиудмила Малиа илҳәоит:
"Афырԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша лакәын Адиле. Лара илылшеит дызҭагылаз агәаҟрақәа зегьы лыхганы, лҽеиқәырханы, абахҭа хьшәашәа даиааины, лыҩныҟа ахынҳәра. Илхылгаз ахлымӡаах атәы еиҭалҳәоит угәаҵантә инеиртә еиԥш лышәҟәқәа рыҟны. Дызҭагылаз аџьамыӷәа ззымдыруаз ауаа ирыцеиҩылшеит", - ҳәа лҳәоит Малиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба Адиле Абас-оӷлы длыхцәажәо дазааҭгылахьан уи илылаз адоуҳа анырра шунаҭоз.
"Лара илхылгаз аҩыза ахлымӡаах зхызгаз рацәоуп 1930-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиақәа раан, аха урҭ рахьынтә иааԥшит ауаа ҷыдақәа, аџьамыӷәа ду зыхганы иуаҩны иаанхаз. Сара еиҳараӡак исгәалашәоит илылаз адоуҳатә мчы. Уахьлыхәаԥшуаз дхәыҷызшәа убон, аха агәамч ду лылан. Уанлацәажәоз аԥхарра ду, аенергиа уныруан. Илхылгаз зегьы дыриааины, ауаа рахь абзиабара ду аалырԥшуан... Ас еиԥш зылшо адунеи аҟны даара имаҷуп, иагьа лхылгазаргьы, дуаҩы лашан, ус лыхьӡ аанлыжьит", - ҳәа иҳәоит Гәырам Гәымба.
Адиле Аббас-оӷлы узыршанхо ԥхыӡк лбахьан, лышәҟәы "Не могу забыть" анҭыҵ ашьҭахь: Ашә аартны Нестор Лакоба иҩны дныҩналеит. Амаҵурҭаҟны итәан аҭаацәа зегьы. Сариа Адиле данылба, дыҩны дналԥылеит, дылгәыдыҳәҳәаланы ус лалҳәеит: "Анцәа иџьшьоуп! Бара ибылшеит сгәаҳәара анагӡара, ауаа иреилбыркааит аиашаҵәҟьа абахҭаҟны ибхыбгаз. Сыбзыразуп, сара агәра згон уи шынабыгӡоз, шьҭа сгәы ҭынчуп".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Малиа Сариа Лакоба лзы: леиԥш аҭоурых аҿы дыҟам