1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа еибашьцәа. 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иазырԥхьаӡоит иара аибашьра ацашьа аԥсахеит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам: Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа ргәаларшәаразы
Аҟәа ақалақь уахьналаԥшуа, Гәымсҭа мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҟынтә
Марттәи ажәылара рҽазыҟарҵоит 2-тәи адесант-жәыларатә баталион
Марттәи ажәылара рҽазыҟарҵоит 2-тәи адесант-жәыларатә баталион
Гәымсҭа аладатәи аихамҩатә цҳа.
Аҩада Ешыра. Ажәылара аԥхьа Татиана Цәеиба лабхәында иԥа дилабжьоит.
Марттәи ажәылара алагамҭаз аӡӷабцәа тәаны адҵа иазыԥшуп.
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
Март 17 1993 ш. Аҩада Ешыра. Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан.
Март 17 1993 ш. Аҩада Ешыра. Ажәылараҟынтәи зыԥсы ҭаны ихынҳәыз Гыруаԥшь Едик ила иабаз ахҭысқәа еиҭеиҳәоит.
Аԥшыхәратә гәыԥ "Сатурн-Ураган"
Дмитри Аргәын. 17.03.1993 ш. Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан.
Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа.
Март 16 1993 ш. Ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду.
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра.
Аҩада Ешыра. 2-тәи апост.
Ҳаибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ианыруаз
Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.
2016 шықәсазы Гал араион аламырхәӡакәа лхрақәа мҩаԥысит, избанзар 2014 шықәсазы Гал иқәныхоз реиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩра рымхын. Иахьазы уа абжьыҭара азин рымоуп 900-ҩык иреиҵаны алхыҩцәа. Аха уеизгьы ара аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа рыӡбеит. Убри аан алхыҩцәа ахьмаҷу азы адепутатцәа рхыԥхьаӡарагьы 11-ҩык рҟынӡа иагдырхеит, Аконституциа ишаҳәо ала. Иаԥҵан аҭыԥ хадақәа фба ақыҭақәа рҿы, ақалақь аҿы - хәба.
Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. 2020 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥантәи адепутатцәа ирыӡбеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи адепутатцәа рхыԥхьаӡара еиҿурԥшуазар, ишеишьашәалам, убри аҟнытә алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа иагдырхеит. Иара убас адепутатцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишозар ауп ҳәагьы ӡбан.
Аԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
Зынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
Алхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
Ари ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
Аҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
Ауаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
Алхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Ацәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара" ҳәа уи автор хьӡыс иеиҭеит, избанзар аамҭақәа рыбжьароуп џьарак ак аҵыхәтәа ахьыҟоу, анаҩс иҿыцу ак анцәырҵуа. Адгәыр Амԥар ихаҭа ишиҳәо ала, араҟа аԥыжәара ргоит абасеиԥш иҟоу ахырхарҭақәа: сиурреализм, асимволизм. Аиашазы, асимволизм еснагь асиурреализм иахәҭоуп, аха ара хазы ицәырызгоит, иҳәоит иара.
Асахьаҭыхыҩ уаанӡа аныхачаԥақәа ҭихуан, уи, иара ишиҳәо ала, асиурреализм иатәу аҭыхымҭақәа раԥҵараан ицхраауеит.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа аҵыхәтәантәи шықәсык, шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иҭыху роуп. Уахь инагоуп 25 усумҭа.
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
"Ахьычԥаԥырҩежь агага"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Уахынлатәи аԥхыӡқәа"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
"Зыблақәа арку аԥҳәызба"
Зыблақәа арку аԥҳәызба лнапқәа
"Аҿымҭра"
Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара"
"Аҳәааҿы"
"Аҳәааҿы"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Аҽыкәаҳа зхалашо аҭыԥҳаи ахылԥа зхоу ҩыџьеи"
"Асҭа"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Аԥҳәызбеи адирижабльқәеи"
"Амедальон гәаларшәагас"
"Ԥшьҩык злахәу акомпозициа"
"Агьежь алахәмарра"
"Агәил зну акомпозициа"
"Аҭагәаҭасрақәа ириааины аблахтырахь инеиз"
Адгәыр Амԥар
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит аконгресс асаит.
Ари аҩыза алшара ҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети абҵарамза, 2020 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Иазгәаҭоуп, аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху рзы ашәҟәқәа рыдкылара шхацыркыз хәажәкыра 1 инаркны. Абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало рышәҟәқәа аларҵароуп ԥхынгәы 20-нӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11-нӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.
Арзаҳал азы абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аттестат (ахкьыԥхьаа ма аоригинал), 3×4 см иҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа аилыркаа, ма урыстәылатәи атәылауаҩра. Ашәҟәқәа рынашьҭра ауеит ауниверситет асаит ахь.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова лажәақәа рыла, аԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҩ-форматк рыла: адистанциатә ма хаҭала.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит абҵарамзазы.
СПААУ иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа инарҭбаау аинформациазы иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис, абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала: info.spb@abaza.org, ма абри аҭел +7 812 514 88 55 ала.