Амра ссируп аҭашәамҭаз: угәы зырԥхо афотосахьақәа

Анапаҵаҩра
Амш ахыркәшарахь ианнеиуа, ауаа ҽынла ирхандеиуаз ашьҭахь рааԥсара анрыхьӡо, аԥсабара зегьы аԥсшьарахь ахы анархо, аамҭа џьашьахә ҳанҭагылоит - амра аҭашәамҭа. Уи еимгеимцарақәак иреиҳам, аха заҟа иссирузеи, заҟа убла хнакуазеи, заҟа угәы арԥхозеи, заҟа угәы раҳаҭхозеи!

Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.

Имариоума зегьы рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа,
Зегьы ааныжьны ацара?

Аха гәыҩбарак анымкәа,
Игәыбзыӷуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы...

Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз" ацыԥҵәаха

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәытәнатә аахыс ауаа зашьапкуаз, зегь зымчу ҳәа ирԥхьаӡоз цәырҵран амра.
Жәытәнатә аахыс ауаа зашьапкуаз, зегь зымчу ҳәа ирԥхьаӡоз цәырҵран амра. - Sputnik Аҧсны
1/11
Жәытәнатә аахыс ауаа зашьапкуаз, зегь зымчу ҳәа ирԥхьаӡоз цәырҵран амра.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмра адунеи аԥсы ахазҵо, аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу амчқәа рыгәҭа игылоуп.
Амра адунеи аԥсы ахазҵо, аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу амчқәа рыгәҭа игылоуп. - Sputnik Аҧсны
2/11
Амра адунеи аԥсы ахазҵо, аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу амчқәа рыгәҭа игылоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукМҩашьарада иуҳәар ауеит, дарбанзаалак ауаҩы игәы шарԥхо, игәалаҟазаара шышьҭнахуа амра аҭашәамҭа.
Мҩашьарада иуҳәар ауеит, дарбанзаалак ауаҩы игәы шарԥхо, игәалаҟазаара шышьҭнахуа амра аҭашәамҭа. - Sputnik Аҧсны
3/11
Мҩашьарада иуҳәар ауеит, дарбанзаалак ауаҩы игәы шарԥхо, игәалаҟазаара шышьҭнахуа амра аҭашәамҭа.
© Sputnik / Акоп Кущян Амш наскьаго, амра аҭашәамҭа агәыӷра унаҭоит иахьа узхьымӡаз уахьызгӡаша даҽа мшык, даҽа шьаҿак уаҵәы ишузыԥшу.
Амш наскьаго, амра аҭашәамҭа агәыӷра унаҭоит иахьа узхьымӡаз уахьызгӡаша даҽа мшык, даҽа шьаҿак уаҵәы ишузыԥшу. - Sputnik Аҧсны
4/11
Амш наскьаго, амра аҭашәамҭа агәыӷра унаҭоит иахьа узхьымӡаз уахьызгӡаша даҽа мшык, даҽа шьаҿак уаҵәы ишузыԥшу.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмра аҭашәамҭа - зыгәқәа еидҳәалоу, зынасыԥ ак акәу ауаа еиӷьаршьо аамҭоуп.
Амра аҭашәамҭа - зыгәқәа еидҳәалоу, зынасыԥ ак акәу ауаа еиӷьаршьо аамҭоуп. - Sputnik Аҧсны
5/11
Амра аҭашәамҭа - зыгәқәа еидҳәалоу, зынасыԥ ак акәу ауаа еиӷьаршьо аамҭоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукУи иаҵоу анашана бзиа еибабо даҽакала ирбоит, амра аҭашәамҭа урҭ ргәаҵа иҭоу ацәаныррақәа еиҳагьы аԥхарра рыҵанаҵоит.
Уи иаҵоу анашана бзиа еибабо даҽакала ирбоит, амра аҭашәамҭа урҭ ргәаҵа иҭоу ацәаныррақәа еиҳагьы аԥхарра рыҵанаҵоит. - Sputnik Аҧсны
6/11
Уи иаҵоу анашана бзиа еибабо даҽакала ирбоит, амра аҭашәамҭа урҭ ргәаҵа иҭоу ацәаныррақәа еиҳагьы аԥхарра рыҵанаҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмра аӡы инӡаалеит ҳәа аԥсуаа иззырҳәогьы абри ауп!
Амра аӡы инӡаалеит ҳәа аԥсуаа иззырҳәогьы абри ауп! - Sputnik Аҧсны
7/11
Амра аӡы инӡаалеит ҳәа аԥсуаа иззырҳәогьы абри ауп!
© Sputnik / Томас ТхайцукАмра аҭашәарахьы ахы анархо уи абла иҭыԥхо ахьышәахәа зегьы ахьыԥшшәы аҟәыннаҵоит.
Амра аҭашәарахьы ахы анархо уи абла иҭыԥхо ахьышәахәа зегьы ахьыԥшшәы аҟәыннаҵоит. - Sputnik Аҧсны
8/11
Амра аҭашәарахьы ахы анархо уи абла иҭыԥхо ахьышәахәа зегьы ахьыԥшшәы аҟәыннаҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмш агәрымра агәы иҭазаргьы, жәҩантә ашәахәақәа аашьҭуа, амра ҳгәы арӷәӷәоит.
Амш агәрымра агәы иҭазаргьы, жәҩантә ашәахәақәа аашьҭуа, амра ҳгәы арӷәӷәоит. - Sputnik Аҧсны
9/11
Амш агәрымра агәы иҭазаргьы, жәҩантә ашәахәақәа аашьҭуа, амра ҳгәы арӷәӷәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри аԥсабаратә цәырҵра ашәа азызҳәахьоу апоетцәа маҷҩым, асахьа ҭызххьоу аҟазацәагьы рацәаҩуп, афото ҭызхуагьы ҵҩа рымам.
Ари аԥсабаратә цәырҵра ашәа азызҳәахьоу апоетцәа маҷҩым, асахьа ҭызххьоу аҟазацәагьы рацәаҩуп, афото ҭызхуагьы ҵҩа рымам. - Sputnik Аҧсны
10/11
Ари аԥсабаратә цәырҵра ашәа азызҳәахьоу апоетцәа маҷҩым, асахьа ҭызххьоу аҟазацәагьы рацәаҩуп, афото ҭызхуагьы ҵҩа рымам.
© Sputnik / Томас ТхайцукИреиӷьу аланарԥшыра ахьыҟоу ҳара ҳҿоуп - амра аҭашәамҭа, амшын ҟәанда, аԥсабара беиа.
Иреиӷьу аланарԥшыра ахьыҟоу ҳара ҳҿоуп - амра аҭашәамҭа, амшын ҟәанда, аԥсабара беиа. - Sputnik Аҧсны
11/11
Иреиӷьу аланарԥшыра ахьыҟоу ҳара ҳҿоуп - амра аҭашәамҭа, амшын ҟәанда, аԥсабара беиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0