Акоронавирус злоу рыхәшәтәразы: Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи арратә госпиталь

Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь 800 километра иахысны Аԥсныҟа иааит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи акоронавирустә инфекциа злоу ачымазцәа рыхәшәтәраҟны ацхырааразы.
Аҟәа агоспиталь дыргылеит нанҳәа 18 рзы, асааҭ 18:00 раахыс актәи ачымазцәа аднакылартә иҟан. Иара Аԥсны иҟазаауеит аепидҭагылазаашьа шьақәтәаанӡа.
Агоспиталь ҳаамҭа иақәшәо амаругақәеи ахархәагақәеи рыла еибыҭоуп. Иҟоуп иахәҭоу ахәшәқәа. Адәаҿы еиҿкаахоит адкыларҭатә ҭыԥ, алабораториа, УЗИ акабинеҭ, арентген-кабинеҭ.
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло
Амобилтә госпиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа 11, апациентцәа интенсивла рхылаԥшра алзыршо амониторқәа, ашьа анализаторқәа амоуп.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар, даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Агоспиталь аусзуҩцәа апансионат иацәыхарамкәа Аҳәынҭқарратә дачаҿ иԥхьалоит.
Макьана еилкаам апациентцәа агоспиталь ахь ишынарышьҭло. 
Агоспиталь ареспубликахь ҩынтәуп иаауеижьҭеи. Уаанӡа, 2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкырамзанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь Аԥсны ахәшәтәреи аконсультациақәеи ирыхнажьит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. Агоспиталь алабораториақәа рҿы 18 нызқь ҭҵаара мҩаԥган.
© Sputnik / Леон Адлейба Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 17 рзы аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 17 рзы аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны
1/14
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 17 рзы аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит
© Sputnik / Марианна Кубрава Ҵыԥх еиԥш, сынтәагьы иара асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы ишьақәдыргылеит.
Ҵыԥх еиԥш, сынтәагьы иара асасааирҭа Аиҭар аҵакыраҿы ишьақәдыргылеит. - Sputnik Аҧсны
2/14
Ҵыԥх еиԥш, сынтәагьы иара асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы ишьақәдыргылеит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Агоспиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
Агоспиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. - Sputnik Аҧсны
3/14
Агоспиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукНанҳәа 18 ашамҭаз аруаа агоспиталь ашьақәыргылара иалагеит.
Нанҳәа 18 ашамҭаз аруаа агоспиталь ашьақәыргылара иалагеит. - Sputnik Аҧсны
4/14
Нанҳәа 18 ашамҭаз аруаа агоспиталь ашьақәыргылара иалагеит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Иҭарчу амшьамбақәа рҿы адкыларҭа, УЗИ акабинеҭ, арентген ыҟоуп.
Иҭарчу амшьамбақәа рҿы адкыларҭа, УЗИ акабинеҭ, арентген ыҟоуп. - Sputnik Аҧсны
5/14
Иҭарчу амшьамбақәа рҿы адкыларҭа, УЗИ акабинеҭ, арентген ыҟоуп.
© Sputnik / Марианна Кубрава Уи адагьы, агоспиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа азықәгылоуп.
Уи адагьы, агоспиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа азықәгылоуп. - Sputnik Аҧсны
6/14
Уи адагьы, агоспиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа азықәгылоуп.
© Sputnik / Марианна Кубрава "Аиҭар" аҿы урыстәылатәи аруаа ирԥылеит аҳ икәтқәа - ататашьқәа.
Аиҭар аҿы урыстәылатәи аруаа ирԥылеит аҳ икәтқәа - ататашьқәа.  - Sputnik Аҧсны
7/14
"Аиҭар" аҿы урыстәылатәи аруаа ирԥылеит аҳ икәтқәа - ататашьқәа.
© Sputnik / Марианна Кубрава Раԥхьатәи апациентцәа ара ирыдыркылоит нанҳәа 18 ахәылбыҽха инаркны.
Раԥхьатәи апациентцәа ара ирыдыркылоит нанҳәа 18 ахәылбыҽха инаркны. - Sputnik Аҧсны
8/14
Раԥхьатәи апациентцәа ара ирыдыркылоит нанҳәа 18 ахәылбыҽха инаркны.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ари афото аҿы иубоит адкыларҭа ауада шеиҿкаау.
Ари афото аҿы иубоит адкыларҭа ауада шеиҿкаау.  - Sputnik Аҧсны
9/14
Ари афото аҿы иубоит адкыларҭа ауада шеиҿкаау.
© Sputnik / Марианна Кубрава Арратә госпиталь аусзуҩцәа азона ҟаԥшьқәа рҿы аус рухьеит, ауаа рыԥсҭазаарақәа акыр еиқәдырхахьеит.
Арратә госпиталь аусзуҩцәа азона ҟаԥшьқәа рҿы аус рухьеит, ауаа рыԥсҭазаарақәа акыр еиқәдырхахьеит. - Sputnik Аҧсны
10/14
Арратә госпиталь аусзуҩцәа азона ҟаԥшьқәа рҿы аус рухьеит, ауаа рыԥсҭазаарақәа акыр еиқәдырхахьеит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Агоспиталь аиҳабы Абдулмежид Магомедов иажәақәа рыла, аруаа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп.
Агоспиталь аиҳабы Абдулмежид Магомедов иажәақәа рыла, аруаа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп. - Sputnik Аҧсны
11/14
Агоспиталь аиҳабы Абдулмежид Магомедов иажәақәа рыла, аруаа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп.
© Sputnik / Марианна Кубрава Апалатақәа рыхәҭак аҵәыҵәри неиртә еиқәыршәоуп.
Апалатақәа рыхәҭак аҵәыҵәри неиртә еиқәыршәоуп.  - Sputnik Аҧсны
12/14
Апалатақәа рыхәҭак аҵәыҵәри неиртә еиқәыршәоуп.
© Sputnik / Марианна Кубрава Астационартә хәшәтәра зҭаху ачымазцәа ахԥатәи акорпус аҿы ишьҭарҵалоит.
Астационартә хәшәтәра зҭаху ачымазцәа ахԥатәи акорпус аҿы ишьҭарҵалоит.  - Sputnik Аҧсны
13/14
Астационартә хәшәтәра зҭаху ачымазцәа ахԥатәи акорпус аҿы ишьҭарҵалоит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Агоспиталь Аԥсны иҟазаауеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа.
Агоспиталь Аԥсны иҟазаауеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа. - Sputnik Аҧсны
14/14
Агоспиталь Аԥсны иҟазаауеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0