Аԥсуа анхашәа-чашәаҿ ихы иаирхәоз амаҭәарқәа Бзыԥтәи аҩхааҿ рхатә ҭыԥ шааныркылаз

Анапаҵаҩра
Бзыԥ аҩхааҿы иҟоу ақьафурҭа аҩнуҵаҟа еиҿкаауп ахатәы музеи. Арахь иааиуа асасцәа ирзеиҭарҳәоит аԥсуаа ҳҵас-ҳқьабз, ҳанхара-ҳанҵыра уҳәа ҳабзазашьа иадҳәалоу зегьы.
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу "Аԥсуа иашҭа" уанынҭалалак, иаразнак улаԥш нарықәшәоит жәытәнатә аахыс хҵас-ҳқьабз шьаҭас измоу, иахьа ажәытәра иагарц згәы иҭоу, аха уи еиқәырханы , еиҷаҳаны иӡыргоу аԥсуа жәытә нхаратә мыругақәа.
Араҟа иҟоуп: ауардын, акалаҭ хәыҷқәа, амҵышә хәыҷқәа, ачана,  иахьа ахархәара змам аеҳәа, акәапеи, ажәытә уанҭа, абҩатә чуанқәа. Иара убас аԥсуа инхара инҵыра зегь ахьаарԥшу амакьет. Араҟа игылоуп акәаскьа инаркны акәтҵара аҟынӡа анхаҩы имаз ахыбрақәа зегьы.
Арахь иааиуа хыԥхьаӡара рацәала асасцәа ирзеиҭарҳәоит, иарбан маҭәарзаалак иамоу аҵакы атәы, уи рхы ишадырхәоз ҳабацәа, ҳабдуцәа.
"Аныҟәарақәа мҩаԥызгоишьҭеи, сара дсықәымшәацт азҿлымҳара аазмырԥшыз аӡәы. Даара интересс икны иазыӡырҩуеит иазҵаауеит амаҭәарқәа закәу, излыху, шаҟа шықәса рхыҵуа", - ҳәа иҳәоит аԥшәма Мурман Ԥкьын.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсуа иашҭа" злаҩычоу аҵиаа иаҵәа иагәыларсоуп аԥсуаа ажәытә рыбзазара-нхаратә мыругақәа.
Аԥсуа иашҭа злаҩычоу аҵиаа иаҵәа иагәыларсоуп аԥсуаа ажәытә рыбзазара-нхаратә мыругақәа. - Sputnik Аҧсны
1/11
"Аԥсуа иашҭа" злаҩычоу аҵиаа иаҵәа иагәыларсоуп аԥсуаа ажәытә рыбзазара-нхаратә мыругақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукҬаацәарак ныҟәызгаз ауардын. Ауардын - аԥсуа инхара-чашәараҿ даара ицхыраагӡа дуун. Макьанагь иҟоуп зхы иазырхәо анхацәа.
Ҭаацәарак ныҟәызгаз ауардын. Ауардын - аԥсуа инхара-чашәараҿ даара ицхыраагӡа дуун. Макьанагь иҟоуп зхы иазырхәо анхацәа. - Sputnik Аҧсны
2/11
Ҭаацәарак ныҟәызгаз ауардын. Ауардын - аԥсуа инхара-чашәараҿ даара ицхыраагӡа дуун. Макьанагь иҟоуп зхы иазырхәо анхацәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукИахьа уарла-шәарла иуԥыло аеҳәа. Аҵла агәы ҭыцәааны иҟарҵон, ажь анырҭаалак аеҳәа иҭажьны иалагыланы ирхәахәон.
Иахьа уарла-шәарла иуԥыло аеҳәа. Аҵла агәы ҭыцәааны иҟарҵон, ажь анырҭаалак аеҳәа иҭажьны иалагыланы ирхәахәон. - Sputnik Аҧсны
3/11
Иахьа уарла-шәарла иуԥыло аеҳәа. Аҵла агәы ҭыцәааны иҟарҵон, ажь анырҭаалак аеҳәа иҭажьны иалагыланы ирхәахәон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжәытә уанҭа. Аԥырӷ кәиц ҭаԥсаны идыршуан, нас амаҭәа алыруанҭон.
Ажәытә уанҭа. Аԥырӷ кәиц ҭаԥсаны идыршуан, нас амаҭәа алыруанҭон. - Sputnik Аҧсны
4/11
Ажәытә уанҭа. Аԥырӷ кәиц ҭаԥсаны идыршуан, нас амаҭәа алыруанҭон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсасцәа даара иџьашьаны иахәаԥшуеит ирбо ираҳауа.
Асасцәа даара иџьашьаны иахәаԥшуеит ирбо ираҳауа. - Sputnik Аҧсны
5/11
Асасцәа даара иџьашьаны иахәаԥшуеит ирбо ираҳауа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ажәытә инхара - икәаскьа, иԥацха. Аԥацха - иахьагьы аҭаацәа реизарҭа, рыкрыфарҭа, еснагь алҩаҵә ахьҩеиуа.
Аԥсуа ажәытә инхара - икәаскьа, иԥацха. Аԥацха - иахьагьы аҭаацәа реизарҭа, рыкрыфарҭа, еснагь алҩаҵә ахьҩеиуа. - Sputnik Аҧсны
6/11
Аԥсуа ажәытә инхара - икәаскьа, иԥацха. Аԥацха - иахьагьы аҭаацәа реизарҭа, рыкрыфарҭа, еснагь алҩаҵә ахьҩеиуа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАраҟа аԥшәымара аанызкылаз аблаҭых, даҽакалагь арҵушҳам ҳәа изышьҭоу.
Араҟа аԥшәымара аанызкылаз аблаҭых, даҽакалагь арҵушҳам ҳәа изышьҭоу. - Sputnik Аҧсны
7/11
Араҟа аԥшәымара аанызкылаз аблаҭых, даҽакалагь арҵушҳам ҳәа изышьҭоу.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсуа иашҭаҿ" ицәыргоу ҳабзазара аазырԥшуа амаҭәарқәа ируаку ауардын.
Аԥсуа иашҭаҿ ицәыргоу ҳабзазара аазырԥшуа амаҭәарқәа ируаку ауардын. - Sputnik Аҧсны
8/11
"Аԥсуа иашҭаҿ" ицәыргоу ҳабзазара аазырԥшуа амаҭәарқәа ируаку ауардын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡызлагара - ҳабдуцәа уи ала ирлагоз аџьықәреи иалҵуа ашыла агьама иаҳа ихаауп ҳәа ирыԥхьӡоит.
Аӡызлагара - ҳабдуцәа уи ала ирлагоз аџьықәреи иалҵуа ашыла агьама иаҳа ихаауп ҳәа ирыԥхьӡоит. - Sputnik Аҧсны
9/11
Аӡызлагара - ҳабдуцәа уи ала ирлагоз аџьықәреи иалҵуа ашыла агьама иаҳа ихаауп ҳәа ирыԥхьӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәтҵара - аԥсуа иашҭа еснагь аҩнытә ԥсаатәла иҭәын: акәты, ашәишәи, акәата. Асас данааилак иаразнак акы изыршьуан.
Акәтҵара - аԥсуа иашҭа еснагь аҩнытә ԥсаатәла иҭәын: акәты, ашәишәи, акәата. Асас данааилак иаразнак акы изыршьуан. - Sputnik Аҧсны
10/11
Акәтҵара - аԥсуа иашҭа еснагь аҩнытә ԥсаатәла иҭәын: акәты, ашәишәи, акәата. Асас данааилак иаразнак акы изыршьуан.
© Sputnik / Томас Тхайцук Асасцәа ҳабзазара дырдырра. Аԥшәма Мурман Ԥкьын асасцәа ирзеиҭаиҳәоит аԥсуа инхашьа - инҵышьа.
 Асасцәа ҳабзазара дырдырра.  Аԥшәма Мурман Ԥкьын асасцәа ирзеиҭаиҳәоит  аԥсуа инхашьа - инҵышьа. - Sputnik Аҧсны
11/11
Асасцәа ҳабзазара дырдырра. Аԥшәма Мурман Ԥкьын асасцәа ирзеиҭаиҳәоит аԥсуа инхашьа - инҵышьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0