Рнапала игәырӷьоит: ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа мгәыӡырхәатәи рфестиваль "Аихамца"

Анапаҵаҩра
Цәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы иаадыртыз ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца" иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа.
Ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны еиҿыркааит. Уи цәыббра 24-26 рзы имҩаԥыслоит аетнопарк "Аԥсны" аҿы. Уи рхы аладырхәырц иааит аҭыԥантәиқәа рыдагьы, Иакутиа, Брест, Белгород, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҟазацәагьы. 
Хымш ирылагӡаны ажьицәа аиха дырҭәалоит, дамасктәии амоизака иаҩызоуи аџыр ҟарҵалоит, аԥсуа ҳәызбақәа, аҿыбџьар, ахҿақәа. Урҭ зегьы реиҳарак излырхуа Бырзышьха иҵхны илбааргаз 300 килограмм иҟоу аихамаден ауп. 
Амаден аихамаҭәа алырхырц азы идыргылеит аихаӡырҭақәа ҩба, 1200 градус рҟынӡа ашоура ҭарҵоит.
Аҟазацәа рус арманшәаларазы ишьақәдыргылеит афрынақәа жәаба рҟынӡа, урҭ рахьтә ҩба уаанӡа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала аҳауа ҭадыршәшәоит. Егьырҭ рҿы амца агаз ала ма афымцала аҳауа  ҭадыршәшәоит.
Афестиваль аҟны зегь реиҳа азҿлымҳара зырҭаз аԥсуа ҳәызба акәхеит. Аҟазауаа шьоукы ргәы иҭоуп арҭ хымш рыҩнуҵҟа ҩба-ҩба, иара инеиҳангьы абџьарҿқәеи, иара убас итрадициатәу аԥсуа хҿақәеи рыҟаҵара.
© Sputnik / Томас ТхайцукЦәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы иаадыртит ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца".
Цәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк Аԥсны аҿы иаадыртит ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аихамца. - Sputnik Аҧсны
1/18
Цәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы иаадыртит ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца".
© Sputnik / Томас ТхайцукУи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа.
Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа. - Sputnik Аҧсны
2/18
Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 24-26 рзы.
Афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 24-26 рзы. - Sputnik Аҧсны
3/18
Афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 24-26 рзы.
© Sputnik / Томас ТхайцукХымш рыҩнуҵҟа ажьицәа аиха рҭәаны еиуеиԥшым абџьархкқәа алырхроуп.
Хымш рыҩнуҵҟа ажьицәа аиха рҭәаны еиуеиԥшым абџьархкқәа алырхроуп. - Sputnik Аҧсны
4/18
Хымш рыҩнуҵҟа ажьицәа аиха рҭәаны еиуеиԥшым абџьархкқәа алырхроуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗегь реиҳа иқәыԥшу афестиваль алахәыла Шамиль Апба даацытәиуп. Иара 14 шықәса ихыҵуеит.
Зегь реиҳа иқәыԥшу афестиваль алахәыла Шамиль Апба даацытәиуп. Иара 14 шықәса ихыҵуеит. - Sputnik Аҧсны
5/18
Зегь реиҳа иқәыԥшу афестиваль алахәыла Шамиль Апба даацытәиуп. Иара 14 шықәса ихыҵуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбџьархкқәа реиҳарак злырхуа Аԥсны ашьхараҿы иҵхны иааргаз аиха маден ауп.
Абџьархкқәа реиҳарак злырхуа Аԥсны ашьхараҿы иҵхны иааргаз аиха маден ауп. - Sputnik Аҧсны
6/18
Абџьархкқәа реиҳарак злырхуа Аԥсны ашьхараҿы иҵхны иааргаз аиха маден ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟазацәа иара убас дамасктәи аџыр арҭәашьа шырдыруа аадырԥшуеит.
Аҟазацәа иара убас дамасктәи аџыр арҭәашьа шырдыруа аадырԥшуеит. - Sputnik Аҧсны
7/18
Аҟазацәа иара убас дамасктәи аџыр арҭәашьа шырдыруа аадырԥшуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Џьапуа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала ихҟьаны иҟаиҵаз аԥсуа ҭрадициатә ҭрына.
Баҭал Џьапуа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала ихҟьаны иҟаиҵаз аԥсуа ҭрадициатә ҭрына. - Sputnik Аҧсны
8/18
Баҭал Џьапуа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала ихҟьаны иҟаиҵаз аԥсуа ҭрадициатә ҭрына.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжьицәа русураҿы ажьаҳәеи арыҭәеи рыдагьы рхы иадырхәоит арҭәагатә аппарати аихаԥҟагеи.
Ажьицәа русураҿы ажьаҳәеи арыҭәеи рыдагьы рхы иадырхәоит арҭәагатә аппарати аихаԥҟагеи. - Sputnik Аҧсны
9/18
Ажьицәа русураҿы ажьаҳәеи арыҭәеи рыдагьы рхы иадырхәоит арҭәагатә аппарати аихаԥҟагеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфестиваль "Аихамца" цәыббра 26 рҟынӡа имҩаԥыслоит.
Афестиваль Аихамца цәыббра 26 рҟынӡа имҩаԥыслоит. - Sputnik Аҧсны
10/18
Афестиваль "Аихамца" цәыббра 26 рҟынӡа имҩаԥыслоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟазацәа аус шыруа иахәаԥшразы иааит аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Аҟазацәа аус шыруа иахәаԥшразы иааит аҭыԥантәи ауааԥсыра. - Sputnik Аҧсны
11/18
Аҟазацәа аус шыруа иахәаԥшразы иааит аҭыԥантәи ауааԥсыра.
© Sputnik / Томас ТхайцукХәаԥ ақыҭан инхо 76 шықәса зхыҵуа афизик-аматематик Ролан Занҭариагьы ажьира аус бзиа ибоит.
Хәаԥ ақыҭан инхо 76 шықәса зхыҵуа афизик-аматематик Ролан Занҭариагьы ажьира аус бзиа ибоит. - Sputnik Аҧсны
12/18
Хәаԥ ақыҭан инхо 76 шықәса зхыҵуа афизик-аматематик Ролан Занҭариагьы ажьира аус бзиа ибоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭааҩцәагьы алшара рыман ажьираҿы рхы ԥыршәар.
Аҭааҩцәагьы алшара рыман ажьираҿы рхы ԥыршәар.  - Sputnik Аҧсны
13/18
Аҭааҩцәагьы алшара рыман ажьираҿы рхы ԥыршәар.
© Sputnik / Томас ТхайцукҶыдала афестиваль азы Бырзышьха иҵхны ҩынтә ихаланы илбааргеит 300 килограмм иҟоу аихамаден.
Ҷыдала афестиваль азы Бырзышьха иҵхны ҩынтә ихаланы илбааргеит 300 килограмм иҟоу аихамаден. - Sputnik Аҧсны
14/18
Ҷыдала афестиваль азы Бырзышьха иҵхны ҩынтә ихаланы илбааргеит 300 килограмм иҟоу аихамаден.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжьаҳәала иасны аихаҽыҭқәа дырҟьаԥсуеит, анаҩс урҭ еиуеиԥшым абџьархкқәа рылырхуеит.
Ажьаҳәала иасны аихаҽыҭқәа дырҟьаԥсуеит, анаҩс урҭ еиуеиԥшым абџьархкқәа рылырхуеит. - Sputnik Аҧсны
15/18
Ажьаҳәала иасны аихаҽыҭқәа дырҟьаԥсуеит, анаҩс урҭ еиуеиԥшым абџьархкқәа рылырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри аҩыза ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.
Ари аҩыза ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.  - Sputnik Аҧсны
16/18
Ари аҩыза ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.
© SputnikАбри аҩыза арыҭәала аџыр цаҳәцаҳә амца иҽҳәыргоит.
Абри аҩыза арыҭәала аџыр цаҳәцаҳә амца иҽҳәыргоит. - Sputnik Аҧсны
17/18
Абри аҩыза арыҭәала аџыр цаҳәцаҳә амца иҽҳәыргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфестиваль алахәцәа аӡәырҩы аԥсуа ҳәызбақәа ҟарҵарц рыӡбеит.
Афестиваль алахәцәа аӡәырҩы аԥсуа ҳәызбақәа ҟарҵарц рыӡбеит. - Sputnik Аҧсны
18/18
Афестиваль алахәцәа аӡәырҩы аԥсуа ҳәызбақәа ҟарҵарц рыӡбеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0