Мауро Мурджиа Аԥсны адипломат ҿарацәа дырԥылеит

© Фото : со страницы СМД в FacebookМауро Мурджиа Аԥсны адипломат ҿарацәа дырԥылеит
Мауро Мурджиа Аԥсны адипломат ҿарацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ахаҭарнак Мауро Мурджиа Адипломат ҿарацәа дырԥылеит

АҞӘА, 31 — Спутник Аԥсны. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Италиатәи Ахаҭарнак Мауро Мурджиа Адипломат ҿарацәа рхеилак алахәылацәа дырԥылеит. Мауро Мурджиа иажәақәа рыла, еиԥҟьарада адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара иабзоураны, Италиа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа бзианы ирдыруеит.

"Аԥснынтәи аминистр Италиа днеир, уи аӡәгьы уамашәа ибаратәы иҟам уажәшьҭа. Уи зегь ашьцылахьеит. Иаартны Аԥсны иазку ацәажәарақәа уаҩ дақәыӡбуам шьҭа", — иҳәеит Мурджиа.

Аԥсны Ахаҭарнак дазааҭгылеит Қырҭтәыла аиҵаҟьаратә усқәа шымҩаԥнаго. "Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистраа иамоу амчрақәа ахы ианархәоит Аԥсны аҿагыларазы", — иҳәеит уи.

Мауро Мурджиа Аԥсны аинтересқәа ихьчоит 2001 шықәса инаркны, 2013 шықәса инаркны Сан-Марино.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рҿы иҟоу Адипломат ҿарацәа рхеилак еиҿкаан 2014 шықәсазы.

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0