Трамп Урыстәыла аҩызара хра амоуп ҳәа ишьоит

© Sputnik / Алексей Агарышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент США Дональд Трамп
Президент США Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка апрезидент Дональд Трамп Хельсинкитәи асаммит аламҭалаз британиатәи АИХ аинтервиу риҭеит. Иазыԥхьагәаҭоуп абри асаммит аҿы Владимир Путини иареи реиԥылара.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Америка апрезидент Дональд Трамп урыстәылатәи иколлега Владимир Путин аӷас дишьом. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Дональд Трамп британиатәи аҭыжьымҭа Daily Mail аинтервиу анеиҭоз.

"Сгәы иаанагоит ҳҳәоу еиқәшәап ҳәа. Агәрагара сымоуп Америкеиԥш Британиеи егьырҭ атәылақәеи Урыстәыла аҩызара иашьҭалар еиҳа ирзеиӷьуп ҳәа", — иҳәеит Трамп.

Уаанӡа Трампи Путини еиқәшәахьан асаммит G20 аҿы.

Путини Трампи реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 16 рзы Хельсинки.

Ажәабжьқәа зегьы
0