Захарова: ОБСЕ ахь ҳашшуеит Парижтәи ақәгыларақәа "Кремль анапы" иахьадырҳәало азы

© Sputnik / Yevgeniya Novozhenina / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОфициальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова во время брифинга в Москве
Официальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова во время брифинга в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ателеканал BBC аурыс маҵзура акорреспондент Ольга Ившина еиҭалҳәахьан ателеканал аусзуҩцәа дҵаны ирнаҭоит Франциа "акьаҿ ҩежьқәа" рықәгылареи Урыстәыла арҭ ақәгыларақәа рҿы ашьҭамҭа аԥшаареи рзы иарбанызаалак ршаҳаҭгак рыԥшаарц ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Москва ОБСЕ ахь ишашшуа азы, британиатәи аинформациатә хархәагақәа "акьаҿ ҩежьқәа" рықәгылара "урыстәылатәи ашьҭа" анубаауеит ҳәа иҟанаҵаз адырразы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳара ари азҵаара жәларбжьаратәи аилазаарақәа рҿаԥхьа иқәҳаргылоит. ОБСЕ ахь аофициалтә шәҟәы наҳашьҭуеит, избанзар ари узвысша хҭысым", — лҳәоит ателеканал "Россия 24" аинтервиу азҭоз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ив Ле Дриан уаанӡа иазгәеиҭахьан Франциа атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Амаӡаныҟәгарҭа хада аусҭҵаара нап шанаркыз атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа Урыстәыла алахәразы.

Акция протеста автомобилистов жёлтые жилеты в Париже - Sputnik Аҧсны
Песков: "акьаҿ ҩежьқәа" рус Франциа аҩныҵҟатә ус ауп

Кремль ари аҩыза аҽыԥныҳәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахнаҳәааит, иазгәанаҭеит урҭ ахҭысқәа Франциа аҩныҵҟаә ус ракәны ишыҟоу.

Мариа Захарова Британиа ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟалҵеит ателеканал Би-би-си ахымҩаԥгашьа ахәшьара арҭарц.

Британиа лассы-лассы Урыстәыла еиуеиԥшым ахарақәа аднаҵоит, убри аан урҭ акгьы ҵаҵӷәыркым ҳәа лҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Лара лажәақәа рыла, Британиеи Франциеи Евроеидгыла иалахәылацәоуп, иаку адәныҟатә политика мҩаԥыргоит, ус анакәха рыстандартқәагьы еиқәшәароуп, ажурналистика аусхкгьы абрахь иналаҵаны.

"Акьаҿ ҩежьқәа" ракциа иалагеит абылтәы ахәԥса аҳаракра иаҿагыланы абҵара 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0