Sputnik апресс-центр аҿы иалацәажәоит абокс азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа" атурнир

CC0 / / Абокс
Абокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 19 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апрофессионалтә бокс азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа" атурнир иазку апресс-конференциа.

Апресс-конференциа иалахәуп:

  • Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы
  • Апромоутортә еилахәыра ABH-Boxing Promotion адиректор хада Тимур Карди

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0