Sputnik апресс-центр аҿы Россотрудничество аусура аихшьаалақәа ҟарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik апресс-центр аҿы Россотрудничество аусура аихшьаалақәа ҟарҵоит
Sputnik апресс-центр аҿы Россотрудничество аусура аихшьаалақәа ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 23 асааҭ 10:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аусура аихшьаалақәа ирызкны апресс-конференциа.

Апресс-конференциа ахаҭарнакра аартуижьҭеи 10 шықәса аҵра иазкуп.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха ажурналистоцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит, аусура далацәажәоит.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа нашәышьҭыр ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook аҿы), ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0