Аконференциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку аҵарауаҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа далацәажәоит ари аконференциа ахықәкы.
"Артур Аншба иԥсҭазараара даналҵуаз 49 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха иара аԥсуа фольклорҭҵаара, нарҭҭҵаара иазынижьыз аҭҵаамҭақәа рацәоуп", — лҳәеит Габниаԥҳа.
Цира Габниаԥҳа линтервиу шәаԥхьар ҟалоит абра
Аконференциа ахыркәшамҭазы арезолиуциа рыдыркылоит уаҟа ихадароу пунктқәаны иазгәаҭахоит аԥсуаҭҵааратә институт аҟны афольклор аҟәшеи алитературеи русумҭақәа реиҭаҭыжьра.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сабша-мҽышала узынхаӡом" – ақыҭа ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа ртәы
Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ