Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа: асамбо азы Адунеи ачемпионат аҟны сзақәԥоз аԥҟарақәа еилеигон

© Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба Борис Багаҭелиа
Борис Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветеранцәа рыбжьара Хорватиа имҩаԥысуаз асамбо Адунеи ачемпионат аҟны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Борис Багаҭелиа далацәажәеит аицлабрақәа шцоз атәы.

"Раԥхьатәи аиқәԥара аҟны дсықәшәеит Узбекистанынтәи аспортсмен. Уи аԥҟарақәа еилаганы деисны дықәԥо далагеит, аӡбаҩцәа ирмырбакәа дсысит. Уи ала баллк игеит иара, нас аҳақьым иахь снарган ашьа ааныркылеит", — иҳәеит уи.

Асамбо Адунеи ачемпионат аҟны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Борис Багаҭелиа далацәажәеит аицлабрақәа шцоз атәы

Борис Багаҭелиа иажәақәа рыла, дзақәԥоз аспортсмен аԥҟарақәа еилеимгазтгьы ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ агаразы алшарақәа иоуан.


Ажәабжьқәа зегьы
0