Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чхамалиа: агазеҭ "Аԥсуа университет" аҟны аԥыжәара амоуп аԥсышәала иҩҩу астатиақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Чхамалия.
Алхас Чхамалия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 25 рзы 35 шықәса раԥхьа иҭыҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агазеҭ раԥхьатәи аномер. Агазеҭ аҭыжьра хацзыркызи, иахьа аредакциа аусушьа шеиҿкаау атәи далацәажәеит Sputnik арадиостудиаҟны апоет, ажурналист, Аԥсны ажурналистцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рхеилак алахәыла, агазеҭ аредактор хада Алхас Чхамалиа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агазеҭ аредактор хада Алхас Чхамалиа иҳәеит аԥсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ишахылҿиааз Аԥсуа университет аартра, уи анаҩсан агазет аҭыжьра.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иҭыҵуа агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа дахцәажәеит агазеҭ аиубилеитә номер

Агазеҭ "Аԥсуа университет" раԥхьаӡа  атыҵра иалагеит 1981 шықәсазы, раԥхьатәи редакторс  даман Николаи Џьонуа.

Агазеҭ "Аԥсуа университет" атираж 500 цыра роуп иҟоу, иҭыҵуеит ҩ-бызшәакала.

Ажәабжьқәа зегьы
0