Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Терент Ҷаниа: ажәеинраала ашьҭыбжь сазыӡырҩуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 10 рзы ииубилеи мшы азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа. Иара иахьа ихыҵит 80 шықәса. Терент Ҷаниа иажәеинраалақәа ирылхуп ҳтәылаҿы бзиа еицырбахьо "Аԥсны азы ашәа", "Абираҟ", "Бара быда дыҟаӡам", "Ашықәс ҿыц аауеит" ухәа имаҷымкәан ашәақәа.

"Аԥсуа литература 110 шықәса еиҳаны ишахымҵуагьы, иҟәнаҳшьо ҳәа иҟаӡам, егьырҭ амилаҭқәа рлитература иаламгылаӡеит ҳәа аҳәарагьы азин ҳамаӡам", — иҳәеит апоет, ашәҟәыҩҩы Терент Ҷаниа.

 Аиубилиар иҿцәажәараан иазгәеиҭеит, ашкол аҿы аҵара аниҵоз аамҭақәа раан Аԥсны ашколқәа қырҭуа школны ишыҟарҵахьаз. 

80 шықәса зхыҵыз апоет Терент Ҷаниа ирҿиаратә ԥсҭазаареи, аԥсуа литература иахьатәи аҭагылазаашьеи дырзааҭгылоит

"Аха ахәыҷы уаламкьысын ҳәа зиарҳәо, убри еиҳагьы ианыхҭеикуа аиԥш, ҳара ҳбызшәала ҳамҩырц, ҳамыԥхьарц азин анҳамырх, убри ашьҭахь сара еиҳагьы алитературеи абызшәеи ринтерес скит", — иҳәеит апоет.

Иахьа ҳаԥсуа литература ихьанҭоу аамҭа шамоугьы, уи аамҭалатәуп ҳәа дақәгыӷуеит аиубилиар. Шәышықәса раԥхьа зҽаазыртыз ҳашәҟәыҩҩцәа ирыбзоураны ҳмилаҭ литература аҿиара амҩа ианылеит. Аԥхьаҟа уи ацҵаразы ҳара ҳҿы узеигәырӷьаша аҿар шыҟало агәра игоит апоет Терент Ҷаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0