"Иҳаҩсыз ашықәс 2 миллиардки бжаки инареиҳаны иҳадыз аплан ала, ашәахтә маҵзура еиднакылеит 2 миллиардки 700 миллиони инареиҳаны. Сынтәатәи ашықәс иҳаду адҵа анагӡара ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит", — азгәеиҭеит уи.
Аԥсны илырхуа ашәахтәқәа рхыԥхьаӡара ҭагалан еиҳа еиҳахоит ашықәс егьырҭ аамҭақәа ирҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рмаҵзура ахантәаҩы.