"Миха Лакрба иновеллақәа зегьы ахшыҩрҵагәоуп, уи азыҳәан акәзар ҟалап маҷк изаҳцәыуадаҩу асценари аҟаҵара. Ановеллақәа рыҟны ахшыҩ еиҳа аԥыжәара амоуп, адраматургиа аасҭа. Сара иалысхит ановелла "Аццышә", иара сырҭбаар акәхеит", — иҳәеит Аблоҭиа.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сабша-мҽышала узынхаӡом" – ақыҭа ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа ртәы
Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет азы еиҳагьы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар ҳәа иҳәеит атуризм азы Урыстәыла Ауаажәларратә хеилак асанатор-курорттә ҿиаразы акомиссиа ахантәаҩы Дмитри Богданов ҳәа аанацҳауеит апортал Country Scanner.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ҩымз рзы шәачатәи апансионатқәеи асанаториқәеи реиҳарак рахь иҭиу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 80% инаӡоит ҳәа. Иҟоуп жьҭаарамзазтәи аҭирақәагьы аанызкылахьоу.
Богданов игәаанагарала, Аԥсны иалшон Шәача иҟоу апансионатқәа разымхара ахарҭәаара.
"Аԥхын мацара акәымкәа ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа ҭилатәуп. Аԥсны абиуџьет уи азеиӷьымхозар иазеицәахом", - ҳәа иҳәеит Богданов.
Ареспублика аԥхьанатә 500 000-ҩык рҟынӡа аныҟәаҩцәа аднакылар, краснодартәи асанаториқәа акыр рхы иақәиҭхон.
Убри аан иара игәаанагарала ахәԥсақәа рыцҵара аҭахым, амаҵзура аиӷьтәреи аматериалтәии атехникатәии база рырҭбаареи роуп иаҭаху.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҳәаанырцәтәылақәа Аԥсны рыҵаркит