Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу: ашәҟәыҩҩцәа рбиблиографиақәа алитература иазҿлымҳау рзы ихәарҭоуп

© SputnikВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Абхазские писатели. Биобиблиографический словарь" – Аԥсны раԥхьаӡа акәны иҭыҵыз аԥсуа ашәҟәыҩҩцәа рбиографиақәеи, рбиблиографиақәеи зну шәҟәуп, ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы, ашәҟәы авторцәа руаӡәк Вахтанг Аԥҳазоу Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны Сусана Саӡԥҳа даниҿцәажәоз.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Вахтанг Аԥҳазоу иҭыҵыз ашәҟәы иазкны
"Ашәҟәы, хымԥада, иаҭахын. Амилаҭтә литература иазҿлымҳау рзы ихәарҭоуп. Ашәҟәы авторс исыцамоу Виачеслав Бигәаа – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны анаукақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент иаԥхьажәаҟны иарбоуп аԥсуа литература аира инаркны аҿиара амҩақәа 2012 шықәсанӡа. Абиографиақәеи абиблиографиақәеи рыдагьы, ашәҟәы иагәылоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анеиҿкааха нахыс изнысхьоу амҩа, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аҭоурыхгьы", – иҳәеит Аԥҳазоу.

Шәазыӡыҩрла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0