Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар: 500-ҩык иреиҳаны ҳџьынџьуаа хыҵакырҭада иҟоуп

© SputnikБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа нхара ҳәа иааны ауадақәа заҳҭаз, аха рҭыԥқәа рыҟны инымхо ҳџьынџьуаа руаҭахқәа рымххоит, абри атәы иҳәеит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Дбар.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Беслан Дбар ҳџьынџьуаа ирыҭоу ауадақәа рызҵаара иазкны

"Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ауаҭахқәа заҳҭаз, аха инымхо руадақәа роума, рыҩнқәа роума, ирымаҳхоит. Избан акәзар, ҳџьынџьуаа рахьынтә хыҵакырҭа змамкәа иаанхоит 500-ҩык инареиҳаны. Ауада зманы ара инымхо зегьы ишрымххо атәы адырра рымоуп, аҿҳәарагьы рыҭан", — иҳәеит Дбар.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0