Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниа: аиҭаҽҭаҩра иахымсыз ахаҿқәа амазаратә зинқәа рцәыӡыр алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГеоргий Габуния
Георгий Габуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәс арзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыз аиурист хаҿқәа амазаратәии имазаратәыми рзинқәа рцәыӡыр алшоит иҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Габуниа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.
Габуниа: аиҭаҽҭаҩра иахымсыз ахаҿқәа амазаратз зинқәа рцәыӡыр алшоит

"Амазаратә зинқәа рганахь ала, аиурист хаҿы адгьыл ҭыԥ имазар мамзаргьы аргылара имазар ицәыӡыр алшоит аиҭаҽҭаҩра дахымсыр. Амазаратә зинқәа ҳанрылацәажәо аиҳарак уи иаҵаабаауа адгьыл ҭыԥқәа роуп, избанзар ирацәаҩуп аиурист хаҿқәа адгьыл арендла иганы адгьылшәахтә зымшәо", — иҳәеит иара.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0