Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәаа: амшаԥ асимвол хада акәҭаӷь, аизҳара иатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бигуаа
Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәла аԥсуаа амшаԥ ныҳәа шазгәарҭоз, насгьы иабантәиаауе ари аныҳәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭаиҳәеит аетнолог аҭоурых, ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валерии Бигәаа.

Бигәаа: амшаԥ асимвол хада акәҭаӷь, аизҳара иатәуп
"Амшаԥы, ари ажәытәла аԥсуаа ирымаз ашықәс ҿыц раԥхьатәи амш ауп, ааԥын раԥхьатәи амш ҳәа еилкаатәуп. Акәтаӷь аизҳара иатәуп, ахаҵа имч иатәуп. Избан изыҟапшьу? Избанзар амра, амца, амацәыс, арҭ зегьы аԥхарра иасимвалуп, аҿиара иасимвалуп. Уи моу, абри акәҭаӷь агәгьы, амра иасимволны ирыԥхьаӡоит, егьы иакәыршоу, ацил ҳәа изышьҭоу, уи амш асимвол ауп", — иҳәеит Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0