Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бжьаниаԥҳа: ахәылԥаз иалахәхо аԥсуааи адыгааи иахьынӡеиԥшу иныруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЯна Бжания
Яна Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Амч" мшаԥы 25, Адыгатәыла абираҟ амш аҽны, Аҟәа еиҿнакаауеит аетно-культуратә хәылԥазы ҳәа хьӡыс измоу аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ хықәкыс ирымоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аиҿкаара "Амч" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иана Бжьаниаԥҳа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Бжьаниаԥҳа аетно-культуратә хәылԥызқәа ирызкны

"Ахәылԥазқәа мҩаԥгахоит Адыга бираҟ амш аҽны, иара иаадкыланы изыдҳәалахогьы уи амш ауп. Уи зҽалазырхәыз иныруеит ҳашьцәа адыгаа рмилаҭтә ҵасқәа, ирзеиҭаҳәахоит рҭоурых. Ас еиԥш ахәылԥазқәа еиҿкаахоит Кавкази Аԥсныи иқәынхо егьырҭ ажәларқәа ирызкныгьы.  Ахәылԥаз ахь инеиран иҟоу ауаа аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәырц ҳҭахуп", — азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0