Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба: аԥсуа кәашара абалет "Пиноккио" аҟны уамашәа ибзианы ирыдыркылеит

© SputnikНодар Чанба
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомпозитор, адерижиор, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Сербиа икәыргылаз абалет "Пиноккио" аҟны аԥсуа кәашара ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз.
Ҷанба: аԥсуа кәашара абалет "Пиноккио" аҟны уамашәа ибзианы ирыдыркылеит

Мшаԥы 28-30 рзы Сербиа акалақь Нови-Сад  Амилаҭтә театр аҟны  аиталиан шәҟәыҩҩы Карло Коллоди иажәабжькәа рыла абалет "Пиноккио" қәҿиара дула аԥхьарбара мҩаԥысит. Уи абалет азы амузыка аԥиҵеит Нодар Ҷанба. Аспектакль иалахәын убасгьы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль артистцәа.

"Аспектакль уамашәа ибзианы ирыдыркылеит, азал  ҩынтә аԥхьарбарақәа раан иҭәын. Иахьазы  ақалақь аҿы зегьы алацәажәоит абалет "Пиноккиои" аԥсуа ҷкәынцәа рыкәашареи. Уи, хымԥада, агәахәара дууӡа сызцәырнагоит, уажәтәи аамҭазы еиҳау гәырӷьара сымам.  Иара абалет "Пиноккио" сыҩҩижьҭеи жәашықәса ҵуеит. Ауаа рацәа злахәу ауп. Иара абалет аус адызулоз хәышәҩык  рҟынӡа ыҟоуп. Аспектакль анцоз хышәҩык амаҵ руан асценаҟны аума, аоркестр, алашара аус адызулоз  уҳәа. Аԥсуа кәашара адраматургиа ала аханатә иалазгалеит, аспектакль иацәтәымны иҟаӡам. Ииашацәҟьаны, аԥсуа кәашара ас еиԥш аклассикатә балет алаҵара уи  ҿыцны иҟалеит. Уи атәы иалацәажәоит араҟа. Убасгьы абалет аҿы ҿыцраны иҟалеит дара  асербцәа рмилаҭтә кәашара коло ахьаласҵазгьы, аклассикатә музыка  аҭоурых аҟны ари   раԥхьаӡоуп. Абалет хзыркәшазгьы ҳаҷкәынцәа роуп, аԥсуа кәашара аелементқәа асербцәа рмузыка иаҵаҵангьы иҟаиҵеит уа акәашара ықәзыргылоз. Уамашәа ирыдыркылеит, ҳаҷкәынцәа асцена иқәлацыԥхьаӡа ажәлар гәырӷьаны, бзиа ибаны  рыкәашара иаҵаҳәҳәон", — иҳәеит Нодар Ҷанба Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0