Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа: акы аазрыхуа, изҭиуа азакәантә хьӡы рымам иахьазы

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашава
Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистрреи азини аекономикеи ринститути иахьа Аҟәа имҩаԥыргоит аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Аинститут ахада, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны дазааҭгылеит асеминар ахықәкы, иззаҭгыло азҵаарақәа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Шьалашьаа аусдкылаҩцәа рызҵаарақәа ирызкны

"Иахьа Апсны зхатә ус иаҿу, афирмақәа еиҿкааны измоу хазы инхеит, убарҭ ирыгқәоу, ацхыраара ахьырҭаху рацәоуп. Уи  ԥарала мацара акәым ацхыраара зыдҳәалоу. Ирацәоуп ишьҭаҳхраны иҟоу азҵаарақәа. Урҭ назыгӡарц зыхәҭоу аҳәынҭқарраҟны аус зуа роуп. Урҭгьы ҩ-хәҭакны рҽыршоит, аиҳабыраҟны аус зуа иара убас араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рҟны. Аиԥыларахь ааԥхьара заҳҭо ҩынҩажәаҩык иреиҳауп. Аусдкылаҩцәа ирымоу ауадаҩрақәа мацара ҳрылацәажәом урҭ  ӡбашьас ирымоу, мҩакы излақәаҳҵаша ҳазааҭгылоит.  Ари анаукаҭҵааратә усуп,  аха апрактикатә ҟазшьа аҭаны ауп ҳшаҿу. Хазҭагылоу аамҭа гәаҭаны, аҳәынҭқаррақәа  рԥышәа ҳасаб азуны иаҳа иманшәалоу аусқәа рыдгалара ҳгәы иҭоуп.
Аекономикеи уи аҿиашьеи ирызку аспециалистцәа ыҟоуп раионцыԥхьаӡа.  Дара рыбжьы  иаҳа ираҳартә иҟарҵароуп. Ақыҭақәа рҿы акы аазрыхуеи  аусдкылаҩцәеи заанаҵы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп. Аҳәынҭқарреи  зхатә ус иаҿуи азакәан шьаҭала ашәҟәқәа рыбжьазароуп. Иахьа хазы аус зуа  џьара шәҟәык иҭагалаӡам, капеикгьы ахәынҭқарра иаларгалом. Сзызхәыцуа, уаҵәы уаҵәашьҭахь ус иҟоу атәанчаратә қәара аҟны инеир, иразҵаауеит аус абажәуаз ҳәа. Арҭ ауаа астатус рыҭатәуп аофициалла, закәанла еиқәыршәатәуп.
Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа иахьа ишьҭаҳамхыр нас ианба, урҭ уажәаԥхьагьы ишьҭыхтәын. Иахьа ақыҭаҿы зхатә  џьабаала аус зуа, акы аазрыхуа, изҭиуа азакәантә хьӡы имаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0